Зыжәлар ирзааигәаӡаз ашәҟәыҩҩы: Ӡаӡ Дарсалиа изы ажәа
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Ӡаӡ Дарсалиа изкуп апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа анаҩстәи ианҵамҭа.
Sputnik"Уи абызшәа ссир зҿаз шәҟәыҩҩын, убри азоуп, иахьагьы ипроза гәахәарыла изаԥхьо зегьы…"
Ҳаԥсуа проза ашьақәгылараҿы иреиӷьӡоу ашьаҿақәа ҟазҵаз ашәҟәыҩҩцәа ҳанрызхәыцуа, иаразнак ҳаԥхьа даагылоит Ӡаӡ Хәанакьа-иԥа Дарсалиа. Уи дызҭагылаз аамҭа аан, ҳлитератураҿы традициа дук шыҟамызгьы, Дырмит Гәлиеи, Самсон Ҷанбеи, Иуа Коӷониеи ихырҵахьаз аҵҳа дықәлеит, иара иабиԥараҿы уи амаакыра азҭоз дрывагылеит, жәлар ирзааигәаз арҿиамҭа ҟаимаҭқәагьы аԥиҵеит.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы реиԥш, иара ирҿиара ажәеинраалақәа рыла далагеит, аха хара имгакәа апрозеи адрамтургиеи рахь диасит. Арҟа уи иаԥиҵаз ирҿиамҭақәа иаразнак аԥхьаҩцәа еицгәарҭеит, ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра бзиа змоу аӡәы шиакәыз иаразнак ирдырит.
Абар уи ирҿиаразы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Шоҭа Салаҟаиа ииҩуа:
"Иара ицииз, ицәеижь иалаз ибаҩхатәреи, игәырҵҟәыл бзиеи ракәмызҭгьы, иалшон уи дызҭагылаз аамҭа бааԥс ихәда иқәнажьыз аидара хьанҭа зынӡакс дархәар, ҽеиҵыхшьа имоуа дареиџьыр, шәҩыла, зықьҩыла егьырҭ анхаҩцәа рыхшара реиԥш. Аха уи ус иаармариан аамҭа цәгьа даҵамхеит, еснагь аҵара лашарахь, идырра аизырҳарахьы ихы кыдын, уи амҩа данын даанымҵӡо. Иԥышьклаҳәуаз митә шыҟазгьы, гәкаҳара ҳәа кгьы ҟамҵаӡакәа имҩа наигӡон."
Уи ус шакәу агәра ҳнаргоит ашәҟәыҩҩы инысымҩа ҳнаныԥшылар.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Ӡаӡ Дарсалиа диит Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыԥ ақыҭан. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала. Аԥхьа аҵара иҵон Гәыԥтәи алагарҭатә школ аҟны. 1914 шықәсазы дҭалеит Очамчыратәи иреиҳау алагарҭатә школ, аха шықәсык ааҵуаны аҵара иахшәаатәыз ахьимоуз аҟнытә иаанижьыр акәхеит. 1916 шықәсазы аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә курсқәа рҟны, ашьҭахь арҵаҩратә семинариа (нас – арҵаҩратә техникум) даанахәоит, дагьалгоит 1923 шықәсазы. Ҩышықәса рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақыҭани Очамчыреи.
1925 шықәсазы Тифлистәи аполитехникатә институт дҭалоит. Адырҩашықәсан диасуеит Краснодартәи арҵаҩратә институт ахьа, аха ҩышықәса рышьҭахь игәабзиара ауашәшәырахара инамаданы Аԥсныҟа дхынҳәыр акәхоит. 1928 шықәсазы Аҟәа, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны") аредакциаҿы аусура далагоит. 30 шықәса рҟынӡа инеиԥынкыланы агазеҭ аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, 1937 шықәсазы аамҭала Аԥснытәи аҳәынҭҭыжьырҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус аниуаз алаҳамҵозар.
Алитература дазҿлымҳахеит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа данҭаз, Дырмит Гәлиеи Самсон Ҷанбеи уа аус аныруаз аамҭазы.
Аԥхьа апоезиа ала раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит. Иажәеинраалақәа "Аԥсны", "Акәҷышь", "Аӷьыч", "Насыԥ имоуп…" раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҟны икьыԥхьын. Аха хара имгакәа апрозахь диасуеит. Ари агазеҭ аҟны ауп иахьикьыԥхьызгьы раҧхьатәи иажәабжь "Шьцылароуп иҟоу", иара убас истатиа "Ҳанбаҿыхо аԥсуаа?".
Самсон Ҷанба ишьҭахь Ӡаӡ Дарсалиа аԥсуа драматургиа ауасхыр азышьҭазҵаз иакәны дыҟоуп. 1920 шықәсазы иҩит актк змоу апиеса "Ахаԥыц хьаа", Антон Чехов иновелла "Хирургия" амотивқәа рыла. Шықәсқәак рыла иаԥиҵеит даҽа ҩ-пиесак: "Абзиабара – аԥсҭазаара анцәахәы", "Адына". 1925 шықәса рзы иҩит акомедиа "Аныхеи агәҭыхеи". Аԥхьаҩцәа деицгәарҭеит, деицырдырит асоциал-бзазаратә драма "Ажәытәра иагаз" ала. Уи зныкымкәа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьан.
Авторс дрымоуп иара убас аҭоурыхтә, асоциал-бзазаратә ҵакы змоу ажәабжьқәеи аповестқәеи маҷымкәа: иаагозар, "Ауаҩы-шас", "Абзагә", "Хамыжә уҽдыр", "Аидара иаҵаз аҭаҳмада", "Аӡыблара", "Амҳаџьыр Қәабча", "Досу иразҟы", иара убас агәалашәарақәа рышәҟәы "Аԥсҭазаара аҟнытә". Ашәҟәыҩҩы аԥсшәахь еиҭеигеит Александр Пушкин иҩымҭа "Акапитан иԥҳа".
Амилаҭтә литература иналукааша аклассикцәа ируаӡәку Ӡаӡ Дарсалиа ирҿиамҭақәа злаҩу абызшәа цқьоуп, еилыххоуп, ибеиоуп, иаадырԥшуеит ахатәы бызшәа иамоу алшарақәа. Анышә дамадоуп Аҟәатәи апантеон аҟны.
Ӡаӡ Дарсалиа аԥхьаҩцәа дызлеицырдыруа, шәҟәыҩҩык иаҳасабала дҟаза дуны дҟазҵаз идрамтә усумҭақәеи, иповестқәеи, иновеллақәеи роуп ҳәа ииашаҵәҟьан иазгәеиҭоит акритик Руслан Қапба. Абарҭ ажанрқәа рҿы уи ҳлитература дҵәатәы шьаҟаны даҵагылеит, агәацԥыҳәара аҵаны, Асовет мчра изылԥханы арҿиара мҩа дананыла аамҭазы. Уи идраматә ҩымҭақәа "Ажәытәра иагаз", "Аныхеи агәҭыхеи", "Ахаԥыц ҳақьым", "Абзиабара аԥсҭазаара иаҳуп", "Адына" аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы Самсон Ҷанба днаивадыргылт ҳмилаҭ литератураҽы абри ажанр иазааԥсахьоу дыруаӡәкны.
Ӡаӡ Дарсалиа идраматә рҿиамҭақәа рахьтә иалкаау аҭыԥ ааннакылоит "Ажәытәра иагаз." Уи актәи авариант аԥҵан 1924 шықәсазы. Ашьҭахь автор ари аԥҵамҭа аус адуланы еиҭа х-сахьак ацҵаны, хаз шәҟәны 1929 шықәсазы иҭижьит. Иара убри ашықәс азы асценатә ԥсҭазаара аиуит Аҟәатәи адрамтеатр аҿы. Нас Баҭымтәи ахәаԥшцәагьы идырбан.
Ҳара ҳанхәыҷқәаз, сара ибзианы исгәалашәоит ашкол аҿы "Ажәытәра иагаз" аспектакь алхны ҳахәмаруан. Уаҟа фырхацәа хадақәас иалан аҳ Зосҳани, амаҵуҩы Гәаџеи, анхаҩы цқьа Мизани, аҭауад ламысуаҩ Мсырбеии. Сара анхаҩы Гәаџа ироль еиҳа исгәаԥхан, иалысхит, сагьыхәмарит. Исгәалашәоит, апиеса жәантә инареиҳаны сшаԥхьаз Гәаџа ҩнуҵҟала сизааигәахарц азы, зегь рыла сиеиԥшхарц азы, ахәаԥшцәа ансыхәаԥшуа ииашаҵәҟьаны агәра ргарц иаасҳәо зегьы шиашоу, усҟантәи аамҭазы анхаҩцәа убри аҩызаҵәҟьа ишҭагылаз… Аҵәыхәтәан, ҽнак ҳахәмарны ҳаналга, ӡӷаб хәыҷык Гәаџа ироль убриаҟара илылсит, дрыцҳалшьеит, кыраамҭа лҩызцәа аҵәыуара дырзаҟәыхуамызт. Убасҟан сара агәра згеит ажәа анырра шамоу, уи уахәыр, ахәра акыраамҭа ишунымҵуа, уаргәырӷьар, амҵәыжәҩақәа шунаҭо.
Ӡаӡ Дарсалиа иажәабжьқәа идеиала, темала, сиужеттә еилазаашьала кыр еизааигәоуп. Урҭ анхаҩ адәахьтәи иԥсҭазаара мацара акәӡам иаадырԥшуа, урҭ иаадырԥшуеит иара ихәыцшьа, аамҭа ҿыц дазгәышьны дшахәаԥшуа, уи бџьарԥынҵала иара ихаҭа апсҭазаара бзиа аагара шилшо, иԥсадгьыли, иуаажәлари рызхәыцра дшалагахьоу, мцак ҩнуҵҟала ишиӷроу, уи шеибакхьоу, арцәарагьы ус ишымариам…
Акырӡа еизааигәоу ажәабжьқәа "Ауаҩышас", "Абзагә", "Аидара иаҵаз аҭаҳмада" иаадырԥшит аиаша ахы шыҵнахыз, аӡыхь еиԥш ишыҵкәрааз, уи аҭыԥ аԥшаанӡа ишаанымгыло…
Ӡаӡ Дарсалиа иаамҭа аҿахәы иҳәеит, "Хамыжә уҽдыр" еиԥш иҟоу иажәабжь ссирқәа ҳаԥсуа проза аклассика ԥсра рықәӡамкәа иагәылалаеит. Уи биԥарацыԥхьаӡа инеимда-ааимдо иаԥхьоит, аҷараҳәа ргәаҿы иаанартуеит уажәраанӡа иззымхәыцыцыз ахшыҩҵакқәа, ргәы рҽаннаҵоит аԥсҭазаара ду аҿы изқәылаз ацҳа ҵәры амаакыра шамам, дара рнапала иарҭаанӡа ишшәарҭоу…
Ахааназ ҳхәыҷра иацу ҩымҭақәоуп "Аӡыблара", "Амҳаџьыр Қәабча", "Дасу иразҟу." Урҭ иаҳзаадыртит шәык, уажәраанӡа иҵарҟаца иаркыз, ус гәынхәҵысҭала иаадыруан уа иашак шыҟаз, аха анеира шыцәгьаз, унеиаанӡагьы, угәы шҭынчымхоз, мцак шуцранарсуаз, утынчра шуцәнарӡуаз…
Ӡаӡ Дарсалиа имилаҭтә культура даара бзиа ибон, агәра игон уи аҿар бзиа шаҵагылоз. Урҭ дрызгәдуны ишәҟәы "Аԥсҭазаара аҟнытә" аҿы иҩуан:
"Уажәы ааскьа (1969 шықәса ииун 27 рзы) агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" адаҟьақәа руакы аҿы Москватәи аҭоурых-литературатә аԥсуа кружок иалоу гәыԥҩык рпатреҭ, Гьаргь Гәлиа рыгәҭа дтәаны асахьа ҭырхит Гьаргь Гәлиа иԥылараан. Ееҳ! Зыԥсынҵры наӡаша ахьыбҿар!.. Шәара шәсахьа санахәаԥш, иаразнак шәыԥхьаӡара салагеит. Аха исзымгәаӷьит, амцхаҵара сԥышькласит. "Иуԥхьаӡо зегьы марадахоит…" рҳәоит аԥсацәа. Сара даҽакуп исҭаху. Сара исҭахуп шәара ишәызҳаларц! Еиҵашьыцра ҟамҵакәа, аӡәи-аӡәи шәеицхырааны, аҩымҭа ҿабырҳацәқәа наҟ икажьуа, агхақәа змоу аҩымҭақәа рыцҳашьарак ҟамҵакәа акритика рзыҟаҵо, урҭ рҽеимкәа лааԥшыра рымҭо асовет литература ду ахьыҵәцаратә зал лаша ахь ихагалоу амырдуан ҭбаа шәаныланы шәҿынашәха, иҵегь шьаҿа ҭбаала уи шәналалоит, убри хыхь зыӡбахә ҳҳәаз, литературатә хьҩеижьла ихыхәхәо иҭәу аҟәбар шәҩыҵракны!.. Шәарҭ, убас ирацәаҩны егьырҭгьы, аҿар гәырӷьахә сара сахьшәыхәаԥшуа, избоит закә насыԥ дуу ԥхьаҟа аԥсуа литература иамоу…"
Абас ихәыцуаз ашәҟәыҩҩы ду илшоз зегьы ҟаиҵеит иара дызлагылаз ижәлар аамҭа ҿыц ииашан ирыдыркылартә, аҵара лашара иазхьаԥшыртә, ишьҭырхыртә, ииашоу амҩа иқәлартә, раԥхьаҟагьы рынарха ӷәӷәахартә, рыжәлар аԥсҭазаара бзиа рзааргартә, акультура ду рылаҵаны, доуҳала ибеианы реиҵааӡараҿы.