Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсҭазаара иаҭахуп Асатира!": Шоҭа Ҷкадуа исатиратә ҩымҭақәа ирызкны

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Анапаҵаҩра
Шоҭа Ҷкадуа сынтәа 90 шықәса ихыҵра иазку анҵамҭақәа рсериа иацылҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Сынтәа 90 шықәса зхыҵуа ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа адраматургиаҿы еиԥш, асатиреи аиумори рҿгьы аԥхьагылара имоуп ҳмилаҭтә литература аҭоурых ҳазааҭгылозар. Даараӡа иуадаҩуп ари ажанр аҿы Ҷкадуа иеиԥш ақәҿиара заухьоу, инеиԥынкыланы зырҿиаратә мҩа асатира иазызкхьоу ашәҟәыҩҩы иԥшаара. Асатиратә жәабжьқәа, аминиатиурақәа, аскетчқәа, аинтермедиақәа, афельетонқәа, аконферансқәа уҳәа, ҵҩа рымам асатиреи аиумори ирыҵаркуа ахырхарҭала Ҷкадуа иаԥиҵахьоу арҿиамҭақәа.
Асовет аамҭазы жәлар ртеатрқәа, иара убас ашколтә драматә кружокқәа уҳәа рхы иадырхәоз еиҳаракгьы Шоҭа Еугьан-иԥа исатиратә ҩымҭақәа ракәын. Урҭ акыр имариан ахархәараҿы, иҩбахаз - идуцәамызт, рбызшәа мариан, насгьы ихырку аиумор рнубаалон. Аҭыԥантәи адраматә еиҿкаарақәа рымацара ауракәхзу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭақәа ирзааҭгылоз? Схы сгәалашәонаҵы, ҳашкол иаҭаауан Сергеи Сақаниа, Чынчор Џьениа, иара убас аестрадатә театр "Чарирама". Абарҭқәа зегьы адраматург Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭақәа рыла ишьақәгылан.
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Аԥсны
Аҳра зуаз акомедиограф: Шоҭа Ҷкадуа 90 шықәса ихыҵразы
Аԥсуа театр аҿы иара иамаз ақәҿиарақәа рнаҩсгьы, ажәлар бзиа деицырбо иҟалеит зыӡбахә сҳәаз аминиатиурақәа ртеатри, иара убас хаҭалатәи актиорцәа рықәгыларақәеи рыбзоурала. Иара ихаҭа дықәгыланы иҩымҭақәа дрыԥхьо сара исымбацызт, аха актиорцәеи иареи русеицура бзиа иалҵшәаны Ҷкадуа жәлар дырсатирыкны дыҟан.
"Исцәымӷуп - ауаҩ хаԥыцла даныччо", - иҩуеит Ҷкадуа ишәҟәқәа руак аԥхьажәаҿы. Автор ииҳәарц ииҭаху аԥаршеира шидимкыло ауп.
"Аԥсҭазаара иаҭахуп Асатира! Асатира змам амилаҭ – ирыцҳау милаҭуп, зыгхақәа ҿаартыла рыхцәажәара иацәшәо, рыриашара злымшо милаҭуп", - ҳәа дазхәыцуан ашәҟәыҩҩы бзиа иибоз ажанр.
Ҷкадуа иестрадатә сатирақәеи иажәабжь кьаҿқәеи иахьеи уахеи ауаа ирбоз аԥсҭазаараҿ ицәырҵуаз азалымдарақәа ирызкуп, иара идунеи аниԥсах ашьҭахьгьы ирымаз актуалра рцәымӡӡеит, избанзар автор иқәиргылоз азҵаатәқәа наунагӡатәиқәоуп.
Архив абзоурала, иахьагьы иаартны ҳахәаԥшыр ҳалшоит Софа Агәмааи Амиран Ҭаниеи инарыгӡоз аестрадатә номер "Дабаагари?". Ҩыџьа реицәажәара ала еиҿкаау асиужет иаанарԥшуеит, ауаҩы аусура дшамхтәу, аха "абӷа" ахьимоу азы илакьысшьа шрымам. Ачынуаҩ Гьыргәал Кәарсантел-иԥеи (Амиран Ҭаниа) уи имаӡаныҟәгаҩ (Софа Агәмааԥҳа) рхы еилаҵаны ихәыцуеит дабарҭари ҳәа аусура иаларгатәу Шьалуа. Аӡә дамхны даҽаӡә дарҭарц иазхәыцуеит, аха "Мамоу, мамоу, Гьыргәал ҳазилакьысӡом", - лҳәоит амаӡаныҟәгаҩ, уи иуацәеи иҭынхацәеи шырацәоу ирдыруа.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Аԥсны
Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара
Абас, еимдыррхон зны ақыҭа милициас дҟарҵарц, уа иамоу дшырзамымхуа анеилыркаалакгьы, акультура ахан дарҭарц. Аха, асиужет аҿы ишаарԥшу ала, аӡәгьы изилакьысӡом. Рыԥсы еиқәнархеит араион аҟынтәи игаз аҭел иҭыҩуаз Қәыџьмавич ибжьы. Хԥаны еихагыло ҿыц идыргылаз амагазин ду директорс дарҭарц рыӡбызаап "зыхшыҩ акгьы азеилымкаауа" ҳәа ззырҳәоз Шьалуа.
Изҳәода ари аҩыза азҵаатәы иахьа иакуалтәым ҳәа? Даараӡа хра злоу зҵаароуп, избанзар ҳазҭагылоу аамҭазгьы иаҳбоит амчра иазааигәоу ауаа, рҵареи рдырреи ыҟамзаргьы аусурҭа ҭыԥ шырзырыԥшаауа, ирзынамыгӡозаргьы, аӡәгьы дышрыламкьысуа. Автор асовет аамҭазы ишьҭихыз азҵаатәы ҵаҵӷәыдамызт, аха иахьа еиҳагьы иџьбараны иқәгылоуп ҳҳәар ауеит.
Ауаа аусура рамхреи раҭареи ртема исатирақәа рҿы акырынтә ишьҭиххьан автор, уи ҳара иаҳбоит иажәабжь "Уаҵәы аизара ҳамоуп!" аҿы. Абраҟагьы зҵааарны иқәгылоуп зус ззынамыгӡо дамхны даҽаӡә иаҭара, аха иарҭогьы "деицәахар?" ҳәа иацәшәоит. Абас ишеимдыррхоз, аизара рзынамыгӡеит, уаҵәахьы иахыргеит…
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Шота Чкадуа
Шоҭа Еугьан-иԥа имоуп ажәамаанатә ҟазшьа змоу асатирақәа. "Еизарак аҿы" захьӡу ажәабжь ануп 1964 шықәсазы иҭыҵыз "Асатира аиумор" захьӡу ишәҟәы. Араҟа фырхацәаны иалоуп еиуеиԥшым амаҭәарқәа: ахылԥарч, аимаа, ахҳәа, анапҭырԥа, абласаркьа, ачмысҟәыл, амаҟа - дара "асокрашьение" ҳәа ззырҳәоз, иахьатәи абызшәала оптимизациа азҵаатәы иахәаԥшуан. Ишьҭарҵеит, ишьҭырхит, инеиқәырҵеит, иааиқәырҵеит, нас аԥынҵеи алымҳаи "асокрашьение" рзутәуп ҳәа азырыԥхьаӡеит, рнапқәагьы ирҩахеит аиҳараҩык ишақәшаҳаҭу азы. Автор анҵәамҭаҿы иҟаиҵоит алкаа: "Убри инаркны уи аусҳәарҭаҿ идагәоуп, фҩыкгьы раҳаӡом".
"Абасоуп уи шалаго" захьӡу Ҷкадуа исатиратә жәабжь иааџьоушьаратәы ҳаамҭа иашьашәалоуп. Уаҟа иара дааирԥшуеит "дыцқьоуп" ззырҳәоз ачынуаҩ. Автор зыӡбахә имоу ачынуаҩ Заабеҭ Ҭыҟә-иԥа аԥхьа аҵырҭыша имгошәа дыҟан, аха нас маҷ-маҷ иусуҩцәа руаӡәк уи даиршьцылеит:
- Ари абауднагалеи, Фаҭ? - деигәырӷьама уҳәаратәы ҿааиҭит Заабеҭ Ҭыҟә-иԥа.
- Икаршәны избеит! Издыруада кыр имаҭәахәызар сгәахәын, ишьҭысхит. Иара ҿыцуп, – иблақәа жьаржьалеиуа адиректор днеиҿаԥшит.
- Иҿыцымкәан, иҿыцми! Ари сашьҭоижьҭеи иҵуазеи, аха исԥыхьашәомызт…
Абас, инапаҵаҟа аус зуаз Феҭ иҟынтә аҳамҭақәа иоуа далагеит ачынуаҩ. Дышнеиуаз зынӡа зыхә ҳаракыз амашьынаҭаршә иқәашьхеит. "Дыцқьоуп" ззырҳәоз "ус дтәоуп уажәгьы" иҳәоит автор, ачынуаҩра "анапхы шыцқьам" аарԥшуа.
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Шота Чкадуа
Сазааҭгылар сҭахуп иара убас иреиӷьу асатиратә жәабжьқәа иреиуоу "Сара саныԥсыз аҽны". Автор араҟа ҳсоциалтә бзазара иаланагалаз инегативтәу аҟазшьа бааԥсқәа, ҽмыршьагала адәы ақәзаара, ҳаԥсыжра аиҿкаашьа уҳәа иааирԥшуа рацәоуп. Ҷкадуа иалихит здунеи зыԥсахыз ауаҩы наҟынтәи иибо асахьа аарԥшра. "Иаасықәшәан ҽнак сыԥсит", - дналагоит ажәабжьеиҭаҳәаҩ. Анаҩс, зегь ибзианы иаадыруа аԥсыжра аиҿкаашьа. Даараӡа аԥсҭазаара иазааигәаны иҩуеит автор, игәрагьы угоит здунеи зыԥсахыз еиҭеиҳәазшәа. "Сара зегь саҳауеит, зегь збоит. Арахь сҿы зцәажәом", - иҳәоит иԥсыз, ари адунеи аҿы иҟоу "ихьаа ишаго" аазырԥшуа асахьақәа ҳадгало. "Уаауа, сара, уаауа сара жәрацәгьа! Гәыӡба рыцҳа, ушԥаԥси, џьым!" – абас игәы адыжәдыжәҳәа дасуеит ҳабригадир Ӡыӷәа. Сгәаҵәа ҭыхны изфахьоу! Еизарацыԥхьаӡа сцәа ккаӡа исхызхуаз!" - иҳәоит иԥсыз. Абас, акакала автор иааирԥшуеит ауаа ҩ-цәак шырхарԥоу, ргәы иҭам, рхы иҭам шырҳәо. "Иааихҵәаны, аԥсра иаԥсам!" - ихиркәшоит аҵыхәтәаны зыԥсы ҭалаз Гәыӡба.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Шота Чкадуа
Ҷкадуа ибзианы идыруан аԥсҭазаара, насгьы аԥсабара инаҭаз аҟыбаҩ иабзоураны сатирала иааирԥшуан зегь ирдыруа, аха зегь ирзымҳәо ацәырҵрақәа. Ҷкадуа ашәҟәыҩҩы иаҳасабала, еснагь дазҿлымҳан аԥхьаҩ игәаанагара. Урҭи иареи реимадара дазхьуан. Иара иазгәеиҭоит амҩаду аҿы "молодец" рҳәозаргьы, акьыԥхь аҿы шамаха аԥхьаҩцәа ргәаанагара шимбоз. "Аԥхьаҩ игәаанагара еиҳау ашәҟәыҩҩы изын хәшьара ыҟаӡам. Арецензент - уи аӡә иоуп, дзыԥхьаз игьама иаҵанамкзар ауеит. Аԥхьаҩцәа – урҭ гха рыхьӡом! Урҭ жәларуп". Шоҭа Еугьан-иԥа исатирақәа рӷьырак аестрадатә театр "Чарирама" аҿы ицәырыргон.
"Чарирама" - аԥсуа сатиратә театр 1972 шықәсазы еиҿыскаауеит", - игәалаиршәон ашәҟәыҩҩы уи аамҭа шьахәқәа. Автор ишеиҭеиҳәо ала уи атеатр аԥсы ҭан 26 шықәса, уи аамаҭа иалагӡаны 1200 спектакль ахәаԥшҩцәа иднарбеит. Усҟан "Чарирама" ааит ҳәа ақыҭа зегь еизон, аклуб кәапеишәа иҭәуан. Ари аестрадатә театр шьаҭас иамаз Ҷкадуа ирҿиамҭақәа ракәын, автор дыҩуан хаҭала дара рзы.
© Foto / Из архива абхазского драматического музеяАԥсуа сатиратә театр "Чарирама" актиорцәа Чынчор Џьениа, Амиран Ҭаниа, Мажара Зыхәба.
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Аԥсуа сатиратә театр "Чарирама" актиорцәа Чынчор Џьениа, Амиран Ҭаниа, Мажара Зыхәба.
Сара исгәалашәонаҵы, атеатр иаланы иҳазнеиуан Амиран Ҭаниа, Чынчор Џьениа, Сергеи Сақаниа, Мажара Зыхәба, Виачеслав Аблоҭиа. Иара иперсонажцәа - Аџынеи Кәаџынеи - реицәажәарақәа зегьы ауаажәлар зырлахҿыхуаз, иагьзырхәыцуаз акәын:
Аџына: - Хәлыбзиақәа, акыр иаԥсоу ахәаԥшцәа!
Кәаџына: - Хәлыбзиақәа, зда ҳхәарҭам аҳәсақәа, – уҳәа, абас иҟаз ахазырхақәа рыла ихацдыркуан артистцәа рықәгыларақәа.

Аестрадатә драматургиа аԥсуа литератураҿы иҿыцыз жанрын, аха Ҷкадуеи "Чарирама" артистцәеи русеицура акыр иқәҿиарахеит аҟынтә, ажәлар ибзианы ирылаҵәеит. "Сара, Уара, Ҳара, Шәара … ҳанҽеиха – ҳамҩақәа иҵегь иҭбаахоит, - иҳәоит Ҷкадуа исатира зызку аарԥшуа "Аԥхьажәа - Аинтервиу" захьӡу ианҵамҭаҿы. Уи иара иԥсҭазаара ҵакыс иаман. Аминиатиурақәа ртеатр ацәырҵра ҳтеатртә культураҿы аҵак ду рыман.

Акритик Руслан Қапба ишиҳәаз еиԥш, "ҳасценатә ԥсҭазаараҿы адаҟьа ҿыц аанартит". Уи атеатр иабзоураны ажәлар ирылаҵәеит сатирала еибыҭаз ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа, насгьы аԥсҭазаара иасаркьоу ззырҳәо атеатр иалнаршеит досу ихы дахәаԥшыртә аҭагылазаашьа иҭара.
Аԥсҭазаара иаҭахуп асатира, иҳәон Шоҭа Ҷкадуа. Иацысҵар сылшоит, иахьа уи асатира даҽа аамҭанык еиԥшымкәа зда ҳхәарҭам акәны ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0