Ахаан ажәытәра иамго: Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаԥысит

© Sputnik / Айнар ЧитанаваӠаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа анашьара
Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа анашьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ӡаӡ Дарсалиа 120 шықәса ихыҵра иазкны ирылаҳәан асахьараркыратә ҩымҭақәа рконкурс. Иара алҵшәақәа реихшьаала ҟаҵан И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу ицәажәараҿы иҳәеит  апремиа ҩ-номинациак рыла ишышьақәгылаз. Иара иажәақәа рыла, иқәыргылаз аҩымҭақәа иреиӷьқәаз ҩба ралԥшаара цәгьан. Насгьы иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ашәҟәҩҩцәа реиԥш аҿаргьы ибзианы рхы шаадырԥшыз.

"Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла уажәаԥхьагьы имҩаԥнагақәахьан ҳарҿиаҩцәа хатәрақәа рыхьӡ зху апремиақәа ранашьара. Ҳаԥхьаҟагьы аиубилеитә рыцхәқәа аназгәаҳҭало иаԥшьаҳгаша агәҭакқәагьы ҳамоуп. Аха иахьа зеихшьаала ҟаҳҵо Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа раԥхьатәи шьаҿоуп ҳҳәар ҟалоит", — иҳәеит иара.

Аха аицлабра еицлаброуп аҟнытә иҟалеит зҩымҭақәа алкаахаз арҿиаҩцәа. Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху алитературатә премиа ранашьан: Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, ажәабжь "Ӡаҳкәажә" азы, иара убас апрозаик Даур Наҷҟьебиа, ажәабжьқәа "Аԥсыжра ашьҭахь", "Аԥсаҭатә" рзы. Апремиа аиуразы аицлабра мҩаԥган Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала.

"Ӡаӡ Харитон-иԥа ҳхәыҷра шықәсқәа ирыцыз, иахьа уажәраанӡагьы зажәабжьқәа ҳхы иаҵаҵаны ҳацәо шәҟәыҩҩуп. Иахьа иара ихьӡ зху апремиа ахьаԥҵахаз Дарсалиаа рзы адагьы зегь ҳзы ихьӡуп. Пушкингьы иҳәахьан агени лаԥшы мацаралагьы аҵабырг аартра илшоит ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, Ӡаӡ Дарсалиа изцәаҳәак иаҳәоит ирҿиара заҟа анарха амоу", — иҳәеит ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Ашәҟәыҩҩы, апоет Терент Ҷаниа иазгәеиҭеит "Ауаҩышас", "Хамыжә уҽдыр", "Ажәытәра иагаз" уҳәа Ӡаӡ Хәанакьа-иԥа икалам иҵыҵыз аҩымҭақәа иахьагьы азҿлымҳара шрымоу. Аха, иара иажәақәа рыла, иахьанӡагьы изыџьашьахәуп агәалашәарақәа рповест "Аӡыблара". Избан акәзар ари аҩымҭаҿы ашәҟәыҩҩы ахыҭҳәаа аламҵаӡакәа иҟаз-ианыз далацәажәоит, излаҩу абызшәагьы ԥсҭазааратәуп. Насгьы иара Ӡаӡ Дарсалиа ирҿиаратә бызшәа аҷыдарақәа аазырԥшуаз "аҳратәра анеимырх ашьҭахь", "аӡлагарақәа ҭарҵон" уҳәа реиԥш иҟаз  имаҷымкәа  аҿырԥштәқәагьы ааигеит.

Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

"Ӡаӡ Дарсалиа ибызшәа аӡбахә рҳәаҳьан Шьалуа Инал-иԥеи Хәыхәыт Бӷажәбеи реиԥш иҟаз аҭоурыхҭҵааҩцәа дуӡӡақәагьы", – иҳәеит ашәҟәыҩҩы.

Ӡаӡ Дарсалиа 120 шықәса ихыҵреи алитературатә премиа анашьареи ирызкыз аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, ашәҟәыҩҩцәа, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

Аиубилеитә хәылԥазы ахыркәшамҭазы ажәа рыҭан ашколхәыҷқәа, иара убас ААУ афилологиатә факультет астудентцәа. Дара азааҭгылеит аиубилиар ипоезиа, насгьы ирыԥхьеит идраматә ҩымҭақәа рҟынтәи цыԥҵәахақәак.

Ӡаӡ Дарсалиа диит Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыԥ ақыҭан август 16, 1898 шықәсазы. Аԥхьа аҵара иҵон Гәыԥтәи алагарҭатә школ аҟны. 1916 шықәса рзы аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә курсқәа рҟны. Ашьҭахь арҵаҩратә семинариа даанахәоит, дагьалгоит 1923 шықәсазы.  1925 шықәсазы Тифлистәи аполитехникатә институт дҭалоит. Анаҩс Краснодартәи арҵаҩратә институтахь диасуеит, аха игәабзиара аҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит.

© Sputnik Ӡаӡ Дарсалиа ишәҟәқәа
Ӡаӡ Дарсалиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ӡаӡ Дарсалиа ишәҟәқәа

С. Ҷанба ишьҭахь Ӡ. Дарсалиа аԥсуа драматургиа ауасхыр азышьҭазҵаз иакәны дыҟоуп. Иара убас авторс дрымоуп ажәабжьқәеи аповестқәеи маҷымкәа: "Ауаҩышас", "Абзагә", "Хамыжә уҽдыр", "Аидара иаҵаз аҭаҳмада", "Аӡыблара", "Амҳаџьыр Қәабча", "Досу иразҟы" уҳәа.

Ӡаӡ Харитон-иԥа Дарсалиа иԥсҭазаара далҵит 1977 шықәсазы, анышә дамадоуп Аҟәатәи апантеон аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0