Аԥсны

Адәныҟатәи аусқәа рминистр далацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра аусура амеханизм

Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.
"Хара имгакәа адипломатиатә каналқәа рыла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра арыцхә ҳалацәажәоит. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы. Иара иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиура. Убри аан Аԥсны атәылауаҩра аиура аформа апроцедура шыҟац иаанхоит", - иҳәеит иара.
Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа апроцедуреи уи иаҵанакуа акатегориақәеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин хаз игоу иӡбрала.
"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә ҳколлегацәеи Урыстәыла ахада Иусбарҭеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳажәалагалақәа адгылара ахьрырҭаз, иконструктивтәу русураз", - иҳәеит аминистр.
Путин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рзы Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц
Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.