https://sputnik-abkhazia.info/20220912/adnyati-ausa-rministr-dalatsazheit--tylauarak-rouraz-aishaara--ausura-amekhanizm-1041470155.html
Адәныҟатәи аусқәа рминистр далацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра аусура амеханизм
Адәныҟатәи аусқәа рминистр далацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра аусура амеханизм
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц. 12.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-12T15:38+0300
2022-09-12T15:38+0300
2022-09-13T15:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
инал арӡынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/14/1040376270_0:55:2867:1668_1920x0_80_0_0_7a5eb11f0b86d186192dabf1b2f9d2b5.jpg
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр. "Хара имгакәа адипломатиатә каналқәа рыла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра арыцхә ҳалацәажәоит. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы. Иара иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиура. Убри аан Аԥсны атәылауаҩра аиура аформа апроцедура шыҟац иаанхоит", - иҳәеит иара.Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа апроцедуреи уи иаҵанакуа акатегориақәеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин хаз игоу иӡбрала. "Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә ҳколлегацәеи Урыстәыла ахада Иусбарҭеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳажәалагалақәа адгылара ахьрырҭаз, иконструктивтәу русураз", - иҳәеит аминистр. Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит. Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20220909/putin-anapyna-aieit-asni-urystylei-rytylauarak-rzy-aishaara-nap-aayzarts-1041423457.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/14/1040376270_63:0:2794:2048_1920x0_80_0_0_0854e3245b40ee49bd473dab650ea547.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, инал арӡынба
ажәабжьқәа, аполитика, инал арӡынба
Адәныҟатәи аусқәа рминистр далацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра аусура амеханизм
15:38 12.09.2022 (ирҿыцуп: 15:29 13.09.2022) Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.
"Хара имгакәа адипломатиатә каналқәа рыла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра арыцхә ҳалацәажәоит. Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акрызҵазкуа шьаҿоуп аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы. Иара иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиура. Убри аан Аԥсны атәылауаҩра аиура аформа апроцедура шыҟац иаанхоит", - иҳәеит иара.
Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа рзы имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа апроцедуреи уи иаҵанакуа акатегориақәеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин хаз игоу иӡбрала.
"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә ҳколлегацәеи Урыстәыла ахада Иусбарҭеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳажәалагалақәа адгылара ахьрырҭаз, иконструктивтәу русураз", - иҳәеит аминистр.
Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.