Иахьала иҭагаланы иҟоуп 7 500 тонна араса, планла ишьақәыргылан иҟан 12 800 тонна. Иҟаз аӡысаамҭеи анаҩс аарҩареи ирыхҟьаны сынтәа аҽаҩра маҷуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Барганџьиа.
"Амармалташьтә пты сынтәа ԥырхага усҟак иҟанамҵеит. Араионқәа зегьы рахьынтә иреиҳаны иалазҵаз Гал ауп. 70% рҟынӡа аплан нагӡоуп. Тҟәарчал – 50%. Очамчыра зынӡа имаҷуп – 25% роуп еизыргаз. Иҭагалоу араса ахаҭабзиара акы азуҳәартә иҟам, ибзиоуп, аха имаҷуп", - ҳәа иҳәеит Баргнаџьиа.
Иара убасгьы далацәажәеит анхацәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәара аус шцоз.
"Раионцыԥхьаӡа ахәшәқәа роуит. Аха иара уигьы ианаамҭоу иҟаҵатәуп, иагхаз дыҟоуп, иззыҟамҵазгьы дыҟоуп. Арҭ ашықәсқәа иаҳдырбеит, иумыхәшәтәыр, акгьы шыҟамло. 12-14-нтә ианырхәышәтәуа ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.