Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Барганџьиа 2022-тәи ашықәс азы араса аҽаҩра иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Барганџьиа 2022-тәи ашықәс азы араса аҽаҩра иазкны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы еиуеиԥшым ачымазарақәа ԥырхагас ирнаҭаз атәы.
Иахьала иҭагаланы иҟоуп 7 500 тонна араса, планла ишьақәыргылан иҟан 12 800 тонна. Иҟаз аӡысаамҭеи анаҩс аарҩареи ирыхҟьаны сынтәа аҽаҩра маҷуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Барганџьиа.
"Амармалташьтә пты сынтәа ԥырхага усҟак иҟанамҵеит. Араионқәа зегьы рахьынтә иреиҳаны иалазҵаз Гал ауп. 70% рҟынӡа аплан нагӡоуп. Тҟәарчал – 50%. Очамчыра зынӡа имаҷуп – 25% роуп еизыргаз. Иҭагалоу араса ахаҭабзиара акы азуҳәартә иҟам, ибзиоуп, аха имаҷуп", - ҳәа иҳәеит Баргнаџьиа.
Иара убасгьы далацәажәеит анхацәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәара аус шцоз.
"Раионцыԥхьаӡа ахәшәқәа роуит. Аха иара уигьы ианаамҭоу иҟаҵатәуп, иагхаз дыҟоуп, иззыҟамҵазгьы дыҟоуп. Арҭ ашықәсқәа иаҳдырбеит, иумыхәшәтәыр, акгьы шыҟамло. 12-14-нтә ианырхәышәтәуа ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0