Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ар 45 000 тонна аџьаԥҳаны ахьышьҭаз ашьҭаҵарҭа еилаԥырххааит

Аҵыхәтәантәи амшқәа рыҩнуҵҟа Харьковтәи аобласти Николаево-Криворожтәи ахырхарҭеи рҿы киевтәи арежим хышәҩык рҟынӡа аруаа ацәыӡит, ахәрақәа роуит зықьҩык рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Урыстәыла ар Николаевтәи аобласт аҿы 45 000 тонна аџьаԥҳаны ахьышьҭаз ашьҭаҵарҭа еилаԥырххааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭан амеханизациа зызуу 63-тәи абригадеи 46-тәи аеромобилтә бригадеи.
Харьковтәи аобласт аҿы Урыстәыла АКМ, аракетатәии артиллериатәии ар иҭадырхеит амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаара "Кракен" аруаа, 113-тәи аҵакырахьчаратә бригада, 93-тәи амеханизациа зызуу абригада рыруаа 250–ҩык, 20 ак аибашьыга техника.
Иара убасгьы ааха аҭан УАМ амшыншьаҟауаа роперативтә резерв ргыларҭа. Иҭахеит 30-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 10 акк аибашьыга техника.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иҭадырхеит УАМ агыларҭа ҭыԥқәа ԥшьба, 36 артиллериатә ҟәша, ауааи аибашьыга техникеи 125 раион рҿы, аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, арадиоелектронтә ҿагылара астанциа, аицҭырҟьара реактивтә системақәа рремонтҟаҵарҭа ацех.
Аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба, РСЗО "HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа ааба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи авиациа Харьковтәи аобласти ДЖәР-и рҟны украинатәи аруаа 300-ҩык ҭадырхеит