Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи авиациа Харьковтәи аобласти ДЖәР-и рҟны украинатәи аруаа 300-ҩык ҭадырхеит

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпецназ РФ применяет беспилотники ZALA в ходе спецоперации
Спецназ РФ применяет беспилотники ZALA в ходе спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Урыстәылатәи авиациа Харьковтәи аобласти ДЖәР-и рҟны украинатәи аруаа 300-ҩык ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә хьчара иатәу икылакааны ихысуа абџьар ахархәарала иҭархоуп украинатәи амилаҭтә гвардиа ахәбатәи абригада, Харьковтәи аобласт аҟны Балаклеиеи Чугуеви араионқәа рҟны еилаԥырххаит амеханизациа зызуу 92-тәи амилаҭеилыхцәа реиҿкаара "Кракен" анапхгараҭаратә ҭыԥ, иара убас ДЖәР анхарҭатә ҭыԥ Раи- Александровка аҟны амеханизациа зызуу 54-тәи абригада анархгараҭаратә ҭыԥ ршьаҟьеит", - рҳәеит аусбарҭаҟны.
Иазгәаҭоуп, "украинатәи аруаа 300-ҩыки аибашьыгатә техника 15 ак рҟынӡа шҭархоу".
Уи адагьы, аусбарҭаҟны ирҳәеит аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ишҭадырхаз украинатәи анархгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба.
Ажәабжьқәа зегьы
0