Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Владимир Путин инапы рыҵаиҩит Ашьаустә закәанеидкылахь аррамаҵура иадҳәалоу аиҭакрақәа

Абахҭа иҭарклоит аррамаҵурахьы амнеиреи абналареи, хатәгәаԥхарала аӷа аҽиҭареи, арратә техника абжьыхреи, аибашьраан арҳәрақәеи, аибашьра алахәра мап ацәкреи рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәыла ахада инапы рыҵаиҩит Ашьаустә закәанеидкылахь аррамаҵура иадҳәалоу аиҭакрақәа. Адокумент кьыԥхьуп азитә информациа аофициалтә портал аҿы.
Аррамаҵурахьы амнеиреи абналареи рзы Урыстәыла атәылауаҩ дҭаркуеит жәашықәса рҟынӡа ҳәа ҿҳәарас иҭаны.
Иара убас иахьдырхәуеит аррахь инарыԥхьаз ма еилаӡарала аррамаҵурахьы инеиз арратә ҽеизакраан ма аибашьратә шәарҭара аан, мамзаргьы бџьаршьҭыхла аиҿагылареи аибашьреи раан ианырҭахха арратә хәҭаҟынтәи ицази ианаамҭоу мзызк имамкәа мызкы иахырԥаны имнеизи.
Адокумент инақәыршәаны ԥхьатәара иҟоу атәылауаагьы арратә ҽеизгарақәа раан абри аҩыза аҭакԥхықәра иаҵагылоит. Убри аан аррамаҵуҩы ахьырхәра ихыхзар алшоит "иуадаҩу аҭагылазаашьақәа ирылҵшәаны" азакәан еилеигар акәхазар.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иаҵанакуа рыӡбахә далацәажәеит
Азакәанеидкылахь аиҭакрақәа раҳасабала иалагалахоит ҩ-хәҭаҷ ҿыцк - "Аибашьраан арҳәрақәа", уи азы ирықәырҵоит фышықәса инаркны 15 шықәса рҟынӡа, иара убас "Хатәгәаԥхарала аӷа аҽиҭара", уи азы хьырхәрас иҟоуп хышықәса инаркны жәашықәсанӡа.
Убри аан иазгәаҭоуп ари аҩыза аилагара ихы ихьчарц, ма ихақәиҭразы иҟаҵаны имаҵура дазыхынҳәызар, уаҳа закәанеилагарак ҟаимҵазар, ахьырхәра иқәрымҵар алшоит.
Аиҭакра ҿыцқәа инарықәыршәаны арратә мазара ацәыӡразы ахьырхәра ҟалоит бжьышықәса рҟынӡа ҭакрала.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрра аҽеизакра иаҵанамкуа атәылауаа ркатегориа ҿыцқәа асиа иадарбеит
Хәышықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәырҵар ҟалоит дамеиҷаҳакәа абџьар, аџьаԥҳаны, арратә техника ԥхасҭазтәыз ма зынӡаск ахархәара залымшо иҟаз атәылауаҩ. Арҭ ацәгьоурақәа рзы аҭакԥхықәра ҟалоит "ибааԥсу ахҟьаԥҟьақәа" анырхылҿиаа.
Жәашықәсанӡа ахақәиҭра алхәдаатәра рықәырҵар ҟалоит аибашьра ма бџьаршьҭыхла аиҿагыларақәа мап ахьырцәыркыз азы "ахҟьаԥҟьа бааԥсқәа ахылҿиаазар". Абри аҩыза ахьырхәра иқәырҵоит акомандир идҵа назмыгӡаз аруаҩ.
15 шықәса рҟынӡа иқәырҵоит аиҳабы мчыла инапынҵақәа рынагӡара аԥырхагахаразы, мап рцәикразы дзыршәо, дзыпҟо ма даҽа мчык иганахьала зхы иазырхәо аруаҩ иганахьала.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: аибашьра аветеранцәа Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иазкны