Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иаҵанакуа рыӡбахә далацәажәеит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча министров обороны России и Великобритании С. Шойгу и Б. Уоллеса
Встреча министров обороны России и Великобритании С. Шойгу и Б. Уоллеса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылеиҳәеит, ауснагӡатәқәа ирылагоит цәыббра 21 инаркны.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Урыстәыла ирылаҳәо хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра амҩаԥгараан иааидкыланы 300 нызқьҩык арезервистцәа аррахь инаԥхьахоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ажәлар рахь иааԥхьараҿы.
Аминистр иазгәеиҭеит, астудентцәеи аррамаҵзура иахысуеи аоперациа ҷыда алахәхаразы ишырмышьҭуа. Аҽеизакра иаҵанакуеит атәылауаа, иахьатәи аамҭаз ԥхьатәара иҟоу, уаанӡа Арратә мчрақәа рҿы аррамаҵзура иахысхьоу, арратәи аибашьратәи ԥышәа змоу.
Шоигу иҳәеит Урыстәыла аҽеизакратә ресурс - 25 миллионҩык шыҟоу, ихарҭәаам аҽеизакра ишаҵанакуа 1%.

"Ԥхьатәара иҟоу аҟынтә ауп уажәы аҽеизакрахь изыԥхьо. Аррахь инаԥхьам уи атәы ззымдыруеи аӡбахә змаҳаци. Иааԥхьоуп: а) аррамаҵзура иахысхьеит; б) иахьатәи аамҭаз ихәарҭоу арратә занааҭ рымоуп; в) аибашьратә ԥышәа рымоуп", - иҳәеит Шоигу ателеканал "Россия 24" аинтервиу аҭо.

Аминистр иазгәеиҭеит иҟалалакгьы астудентцәа рааԥхьара шазгәаҭам. Иара убасгьы аҽеизакра иаҵанаком, аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуагьы инашьҭхом уажәы аррамаҵзурахь инарыԥхьо ма аррамаҵзура иахысуа.
Президент РФ В. Путин принял участие в форуме АСИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аиадертә бџьар ала Урыстәыла зыршәо ргәырҽаниҵеит
Аминистр иажәақәа рыла Мраҭашәара Украина бџьарла еиқәнаршәоит. 70-ҩык арратә ҟазацәа, 200 спутник, НАТО Украина аинтересқәа ирыцхраауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0