Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аибашьра аветеранцәа Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: аибашьра аветеранцәа Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ирылаҳәоу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакреи Аԥсны ашәарҭадаразы иҟоу аҭагылазаашьеи рзы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа рҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Леон иорден занашьоу Закан Нанбеи Ерқан Кәҭарбеи.
Владимир Путин аҽеизакразы иҟаиҵаз аҳәамҭа иҟаҵатәыижьҭеи акрааҵуан, ҳәа агәаанагара имоуп Нанба.
"Аҳәынҭқарраҿы иҟоу амчрақәа зегьы аиааирахь ишьҭтәуп. Ари ҳаихсыр ҟалаӡом, ауаа ҭахар ҟалоит ҳәа, аус узуӡом. Аинфраструктура зегьы ҟәыбаса иқәҵатәуп. Аӷа имҩақәа зегьы цҟьазар, ицҳақәа ԥжәазар, изынеи-ааиӡом", - иҳәеит аиҿцәажәараҿы Закан Нанба.
Ерқан Қәҭарба арадиоефир аҿы иазгәеиҭеит, Донбасс Урыстәыла алалара ада ԥсыхәа шрымам ахеиқәырхаразы. Иара убри аан иҳәеит Донбасс аибашьреи Аԥсны иҟаз аибашьреи аиҿырԥшра шаҭахым.
"Донбассаа рыпроблема ҿырԥштәыс иааргоит Аԥсны, аха уи хазуп. Дара хылҵшьҭрала милаҭкоуп, ҳара ҳҭоурых зынӡа даҽакуп. Донбасс инхо ареферендум ада ԥсыхәа рымаӡам ахеиқәархаразы, ҳара ҳхала аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп ҳәа шаҳҳәогьы, иӷәӷәоу тәылак удымгылаӡакәа ахеиқәырхара ҟалашьа амаӡам иахьатәи аамҭаз. Ҳрыдгылоит, рхьаа ҳбоит", - иҳәеит Қәҭарба.
Аԥсны атәылахьчараҿы аус зуаз уаҩык иаҳасабала иахьа аԥсуа ар ҟәнысшьоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Закан Нанба.
"Иахьа аибашьыгатә техника даара аҽеиҭанакит. Убри аан аӡәгьы далацәажәаӡом урҭ раахәара атәы", - иҳәеит иара.
Ерқан Қәҭарба иажәақәа рыла иахьа атәылахьчара аминистрра аусура ииашаӡамкәа ишьақәгылоуп.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0