Аԥсны

Бжьаниеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны, абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
Аилацәажәараҿы рыӡбахә ҳәан иахьатәи аамҭазы шәарҭарақәас иҟоу, урҭ ианаамҭоу рҭакҟаҵаразы шьаҿақәас иаҭаху.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа хадара шыруа, раԥхьа иргыланы ишрызхәыцтәу, иара убас дазҵааит аҭыԥқәа рҿы ареспублика амобилизациа аҽазыҟаҵара аиӷьтәразы иҟарҵо арбану.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ахада адырра ииҭеит иара инапынҵала Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь нап шаҵаҩыз Амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра ахәшьара аҭареи уи азы абжьгарақәа рыдгалареи ирызку аусутә гәыԥ аԥҵаразы Адҵа.
Аслан Бжьаниа араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа хьаирԥшит аҭыԥқәа рҿы рымч дырӷәӷәарц шахәҭоу, арратә комиссариатқәа русура аиҿкааразы излауа ала ацхыраара рырҭалар шакәу.
Уи адагьы, аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡашьа, араионқәа ринвестициатә лшара аиӷьтәра уҳәа ирызку азҵаарақәа.
Аԥсны
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аԥҵоуп