Аԥсны

Афонд "Ашана" аукцион мҩаԥнагеит зеиԥш маҷу ачымазара змоу ахәыҷы ицхрааразы

Аукцион аҿы еизыргаз аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо 14 шықәса зхыҵуа Михаил Реиман (адиагноз- буллезныи епидермолиз) ихҭынҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иаркыз агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала" мҩаԥнагеит афонд "Ашана" Аԥсуа драматә театр аҿы цәыббра 26 рзы. Еизган 512 000 мааҭ.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа ахылаԥшра рызҭо, афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит 300 000 мааҭ шеизыргахьаз, аха уи инацҵаны ишыӡбаз аукцион амҩаԥгара.
"Ахәыҷы агенетикатә чымазара имоуп. Уи "аԥырԥалыкь ачымазара" ҳәа азырҳәоит. Ачымазара хәшәтәышьа амаӡам, аха еснагь ацхыраара аҭахуп хәшәла. Аҭаацәа рылшарақәа дуум. Убри азы ацхыраара иаҳҭоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
1 / 3

Агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала"

2 / 3

Агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала"

3 / 3

Агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала"

Аукцион аҿы 16 лот цәырган: Асида Аҳәԥҳа лколлекциатә кьанџьақәа, асахьаҭыхыҩцәа Ҭемыр Ҵәыџьба, Баҭал Џьапуа, Александр Боиаџьан, Саид Возба, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Адгәыр Амԥар, Диана Хынҭәԥҳа рырҿиамҭақәа, Амилаҭтә банк агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа, аиувелиртә лыхымҭақәа, хәызмоу ашәҟәқәа, акурорт "Пицунда" аҿы аҭаацәа рзы аԥсшьарамшқәа.
Аԥсны
Аномер ԥшӡақәа: афонд "Ашана" агәыҳалалратә аукцион аихшьалақәа ҟанаҵеит
Актәи алот - Архип Лабахәуа акалам иалху ичықьмача ҭиин 21 000 мааҭ ҳәа (аԥхьанатәтәи ахә – 7000), Асида Аҳәԥҳа лыкьанџьа 20 000 ҳәа зыхә шьаз ҭиин 90 000 нызқь ҳәа. Адгәыр Амԥар иусумҭа сахьа "Акомпозициа" аԥхьанатәтәи ахә 40 000 мааҭ ыҟан, иҭиин - 45 000 мааҭ ҳәа.
Аҵыхәтәантәи аукцион "Ашана" имҩаԥнагеит 2019 шықәсазы. Еизган 240 нызқь мааҭ.