Аԥсны

Гагра ахьчареи ахақәиҭтәреи раан иҭахаз рҭаацәарақәа зегьы аԥарашәарақәа рзыҟарҵеит

Нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа Гагра ахьчарази ахақәиҭтәрази иҭахаз рҭаацәарақәа 112-ҩык араион абиуџьет аҟынтәи 30-30 нызқь мааҭ рзыршәеит.
Sputnik
ГАГРА, жьҭаара 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахьчарази ахақәиҭтәрази иҭахаз рҭаацәарақәа аԥаратә шәарақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит жьҭаара 3 рзы Гагратәи Акультура ахан аҿы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа Гагра ахьчарази ахақәиҭтәрази иҭахаз рҭаацәарақәа 112-ҩык араион абиуџьет аҟынтәи 30-30 нызқь мааҭ рзыршәеит.
Уаанӡа араион анапхгара Аҟәеи Очамчыреи рраионқәа, Аҟәа ақалақь рҿы инхо аҭаацәарақәа ирԥылеит.
Аԥсны
Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз рҭаацәарақәа рыхәҭак ашәарақәа рзыҟаҵоуп
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа ауснагӡатә амҩаԥгараан илҳәеит аԥсуа ар раԥхьатәи риааира Гагра шакәу иахьыргаз.
"Аԥсны афырхацәа аиааира агьама Гагроуп иахьырнырыз. Ари аиааира амчи агәрагареи рнаҭеит. Ҳраион ауааԥсыра зегь рыхьӡала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба иааркьаҿны далацәажәеит мызки бжаки Гагра ахақәиҭтәразы аибашьра ӷәӷәаӡа шцоз. Аиааира рхы ақәырҵеит 112-ҩык.
"Жьҭаара 1 инаркны иалагеит Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара. Жьҭаара 6 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәааҿы ишәыршәыруа иахадыргылеит ҳаибашьцәа. Ари наӡаӡа аҭоурых иазынхо хҭысуп", - иҳәеит Агрба.
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵази урҭ ранацәеи ирызкыз лажәеинраалақәа дрыԥхьеит. Лара илҳәеит аибашьра алагамҭаз аԥсуаа бџьарла икәадазаргьы ракзаареи аԥсадгьыл ахь рыбзиабареи зегьы ишыриааиз.
Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Алхас Гьерзмаа иан Емма Ермолова афырхацәа рыхьӡ ахькадмыршәуа ҭабуп ҳәа ахылҳәааит.
"Иахьа еиҵагылаз абиԥара урықәгәыӷыртә иҟоуп. Анцәа иҳәааит абзиарақәа рԥеиԥшзарц. Ҳхәыҷқәа шышәхамшҭуа аабоит", - лҳәеит лара.
Аусмҩаԥгатә иалахәын 91 ҭаацәара: 61-ҩык Гәдоуҭа араион иатәын, 19-ҩык – Гагра араион, 11-ҩык – хатәгәаԥхарала еибашьуаз.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Аԥсны аибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәра аҵакы иазкны
1992 шықәса жьҭаара 5 рзы хабарда ибжьаӡыз, 21 шықәса зхыҵуаз Алик Базба иаҳәшьа Аида Базԥҳа илгәалалыршәеит лашьа егьа иарҳәаргьы, аангылара игәы ишҭамыз.
"Ауаҩ илахь иану дақәшәоит ҳәа леиҳәеит. Даныбжьаӡшаз аламҭалаз чечниатәии иҩызак дицны днеит аҩныҟа. Ихы иакәыршаз ацаха иаҵәа ахьхишьыз иахьагьы ихшьуп", - лҳәеит лара.
Лыхнытәи Адамыр Габриа иашьа Асҭамыр данҭахоз 23 шықәса ракәын ихыҵуаз.
"Гагра жьҭаара 3 рзы ахы иақәиҭаҳтәит, жьҭаара 5 рзы Урыстәыла аҳәаа ааигәара иҩыза Алхас Шьаҟрыли иареи еицҭахеит. Ҩымш ҳрышьҭан. Аҭаацәарагь даламлацызт", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Асҭамыр Габриа данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
Оксана Андреева быжьшықәса ракәын илхыҵуаз лаб Манули Андреев (Оҭҳара) данҭахоз. Лара илҳәеит лаб ихаҿсахьа ыӡуа ишылцәалагаз, илабара маҷӡаны ишлымаз.
Аԥсны
"Гагра араион ахақәиҭтәра ашьаҭа ахьакыз": аибашьраан Бзыԥҭатәи аштаб аус шауаз