Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз рҭаацәарақәа рыхәҭак ашәарақәа рзыҟаҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Анапаҵаҩра
Гагра ахьчара иалахәыз, иҭахаз рҭаацәарақәа шәкы рҟынӡа 30-30 нызқьмааҭ рызшәахоит.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз рҭаацәарақәа рыхәҭак ашәарақәа рзыҟаҵоуп, ирыҭоуп агәаларшәагатә дыргақәа ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Лара илҳәеит ԥшь-ҭаацәарак Аҟәа араион ишатәу, хә-ҭаацәарак – Очамчыра, аҽа ԥшь-ҭаацәарак – Аҟәа ақалақь.
"Аиԥыларақәа угәы дырԥшаауан. Аибашьцәа рҭаацәа аԥхарра ду аарԥшуа иаҳԥылеит. Аҭаацәарақәа зегьы 30-30 нызқьмааҭ рзылырҩааит араион ахадара абиуџьет аҟынтә, Гагра ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы", - ҳәа лҳәеит лара.
Аиԥыларақәа иара убас ирылахәын Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба, аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭамаз Хьециа, араион ахадара ахаҭарнакцәа.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, асиа иарбоуп 1992 шықәса нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа иҭахаз 111-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, иара убас Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз 15-ҩык.
Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит жьҭаара 6 азы. Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо жьҭаара 3 асааҭ 12:00 рзы Акультура Ахан аҿы ирзыԥшуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0