Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арегионқәак рҿы ашәарҭарақәа рзы абжьаратә ҩаӡара алагалоуп

Урыстәыла ахада Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы иҳәеит иҟало ашәарҭаразы х-ҩаӡаракны иҟоу аҭакҟаҵарақәа алагалазарц.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Владимир Путин Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы иҳәеит Урыстәыла аладатәи ахәҭеи агәи рҿы иҟало ашәарҭаразы х-ҩаӡаракны иҟоу аҭакҟаҵарақәа алагалазарц.
Арахь иаҵанакуеит Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи аобластқәеи Севастополи.
Арҭ арегионқәа рнапхгаҩцәа хаз иго ауснагӡатәқәа мҩаԥыргалоит аҵакыреи ауааԥсыреи рыхьчарази, аекономика ахырхарҭала аҽеизакратә уснагӡатәқәеи, иара убас Урыстәылатәи АМ, аруааи, арратә усбарҭақәеи, аҭынчуааԥсыра рҭахрақәа рынагӡареи.
Абас ала арҭ аҵакырақәа рҿы ирӷәӷәахоит ауаажәларратә еиҿкаара ахьчара арӷәӷәара, иалагалахоит арежим ҷыда атранспорт, акоммуникациақәа, аенергетика, аимадара русхкқәа рҿы. Ауааԥсыра аамҭала ишәарҭаду аҭыԥқәа рахь иахыгахоит, уи адагьы аҵакырақәа ралалареи ралҵреи рзы аԥкрақәа ҟалоит.
Путин иара убасгьы иҳәеит арегионқәа рнапхгаҩцәа иҷыдоу азинмчрақәа шрыҭахо. Дара ауаа, аҵакы змоу ахыбрақәа ршәарҭадара еиҿыркаалароуп, адгылара арҭароуп аекономика аҭышәынтәалара. Аусура аишьашәаларазы иаԥҵахоит аштабқәа.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласти Запорожиеи арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп