Аԥсны

Алла Белиаева: COVID-19 иааубартә иԥсыҽхо иалагеит

Жьҭаара 18 азтәи арбагала Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы COVID-19 змоу хәҩык ауаа шьҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. COVID-19 иааубартә иԥсыҽхо иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Алабораториатә дыррақәа рыла Аҟәа, жьҭаара 7-14 рзы 21-ҩы аковид рыхьит. Иара абри ааамҭаз, уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭоит хҩык инадыркны быжьҩык рҟынӡа . Нанҳәа 19 - 26 рзы аковид захьыз рхыԥхьаӡара 479-ҩык ыҟоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Белиаева иазгәалҭеит алабораториатә рбагақәа иҟаҵәҟьоу шаадмырԥшуа, ауаа зегьы уахь иахьыдымҵаало азы.
"Ачымазара ирацәамкәа акәзаргьы еиҳазар алшоит. Иҟоуп зхала аекспресс-тестқәа зхы иазырхәо. Урҭ ма аҳақьым иахь идҵаалоит ма рхала рҽырхәшәтәуеит. Иҟоуп ҩынтә, хынтә ачымазара зхызгахьоу. Урҭ уаанӡатәи аформала рҽырхәшәтәуеит. Убри азы иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа ҳзаарԥшуам", - лҳәеит лара.
Аԥсны
Ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада алаҵа ззыҟаҵатәу рыӡбахә лҳәеит
Белиаева илҳәеит ачымазара алҟәра зыдҳәалоу COVID-19 ацикл ҟазшьа ахьамоу азы шакәу.
"Ԥшьынтәуп ачымазара ацәқәырԥа шьҭыҵуеижьҭеи. COVID-19 ҳалҵӡом. Маҷ-маҷ аамҭалатә еимҳәаны ма хьҭалаларак аиԥш ицәырҵлоит. Авирус ԥсыҽхоит, аҽеиҭанакуеит, аԥсҭбарақәагьы ҟалом", - лҳәеит лара.
Жьҭаара 18 азтәи арбагала Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы COVID-19 зыхьуа ачымазҩцәа хәҩык ауаа шьҭоуп лҳәеит Белиаева, иагьазгәалҭеит алаҵа ҿыцны иааргараны ишыҟоу.
Алаҵа аҭахуп ачымазара еиҳа изцәыцәгьахо - ашьақарчымазара, агәыхь змоу, зыкапан дуу рзы. Арҭ акатегориақәа COVID-19 еиҳа иуадаҩны ирхыргоит, убри азы алаҵа ҟарҵар ахәҭоуп ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны
Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа рыла акоронавирус рыдырбалеит 163-ҩык Аԥсны атәылауаа