Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада алаҵа ззыҟаҵатәу рыӡбахә лҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДетская поликлиника
Детская поликлиника - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2022
Анапаҵаҩра
"Ваксигрипп Тетра" – аимҳәа хызҽуа лаҵоуп, франциатәи аҭыжьымҭа Sanofi Pasteur S. A. иатәуп. 1969 шықәса раахыс иҭрыжьуеит, Урыстәыла рхы иадырхәоит 1992 раахыс.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аимҳәа аштаммқәа ԥшьба ирҿагыло алаҵа "Ваксигрипп Тетра" аиуит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амедусҳәарҭа аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа.
Лара лажәақәа рыла алаҵа фымз ирҭысыз ахәыҷқәа ирзыҟаҵахар ауеит.
"Ҳаззыԥшу аимҳәа аштамм ахәыҷқәа рганахь ала акыр имчуп. Аимҳәаҿкы ахҽразы алаҵаҟаҵара акыр актуалра аманы иҟоуп", - лҳәеит лара.
Абыхәԥҳа илҳәеит алаҵа аиҳаракгьы зҷаҷа апроблема амоу, аԥскыра, ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәиуп ҳәа. Асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа аимҳәа еиҳа иласны ишьҭыркаара алшоит рҩызцәа раасҭа.
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2022
Аԥсны
Аԥсны аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит
Алаҵаҟаҵара ҟалом ахәыҷы уаанӡа изыҟаҵаз лаҵак аҭак ицәеижь ианаҭахьазар, акәтаӷь-хӡы аллергиа инаҭозар, анервтә чымазара идбалазар. Алаҵаҟаҵара азин алҭоит аҭыӡҭатә ҳақьым, ахәыҷы игәабзиаратә ҭоурых здыруа.
Абыхәԥҳа лажәақәа рыла алаҵа аныҟарҵо амш азы ахәыҷы ишоура ршәоит, алаҵа аниларҵалак ашьҭахь сааҭбжак еиҵамкәа амедусзуҩцәа ихылаԥшуеит.
"Ахәыҷы аиммунитет шьҭикаауеит ҩба-хԥа мчыбжьы рышьҭахь. Аха ари алаҵа иалкаау аштаммқәак роуп иззырхо. Авирустә чымазарақәа ракәзар ирацәоуп. Ахәыҷы аҽа штаммк шьҭикааргьы илшоит", - лҳәеит аҳақьым хада.
Абыхәԥҳа иазгәалҭеит аполиклиникаҿ алаҵа амҩангареи аҵәахреи рыԥҟарақәа ишрықәныҟәо, алаҵаҟаҵарҭа акәзаргьы астандартқәа ишрықәшәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0