Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟәбан Темриуктәи араион аҿы атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҳаракы иацҵоуп

Ашәарҭара аҿҳәара ацҵаразы адҵа инапы аҵеиҩит атәылаҿацә ахада Венимаин Кондратиев.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Ҟәбан Темриуктәи араион аҿы атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" иацҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә аоперштаб.
Уи амч амазаауеит жьҭаара 23 асааҭ 20:00 инаркны абҵара 3 асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" Темриуктәи араион аҿы ирыларҳәеит Ҟрымтәи ацҳаҿы жьҭаара 8 рзы иҟалаз атеракт ашьҭахь. Убасҟанҵәҟта Владимир Путин инапы аҵеиҩит Керчтәи аӡыбжьахала ахысра ахьчара аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәаразы аусԥҟа.
Арҭ рҩызцәа ашьаҿақәа алагалан Украина аҳәаа иаԥну арегионқәа рҿы - Белгородтәии Курсктәии аобластқәа рҿы. Урҭ изныкымкәа УАМ рылахысхьан, уи иахҟьаны абылрақәа ҟалахьан, аграждантә инфраструктура бжьысхьан, ауаагьы ҭахахьан.
Аԥсны
Ҩыџьа ауаа ҭахеит Белгородтәи аобласт аҿы қалақьк Украинантәи ианеихс ашьҭахь