Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩыџьа ауаа ҭахеит Белгородтәи аобласт аҿы қалақьк Украинантәи ианеихс ашьҭахь

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодстанция московской скорой помощи
Подстанция московской скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2022
Анапаҵаҩра
Зынӡа ахысраан ааха роуит 11-ҩык, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Ҩыџьа аҭынч уааԥсыра ҭахеит Белгородтәи аобласт ақалақь Шебекино УАМ иахьалахысыз иахҟьаны, абри атәы ааицҳауеит арегион ахада Виачеслав Гладков иофициалтә Telegram-канал аҿы.
Гладков адырра иҟаиҵаз ала, 11-ҩык аахақәа роуит, урҭ рахьтә рҭагылазаашьа бааԥсын. Урҭ зегьы ахәшәтәырҭахь инагоуп.
Уи адагьы, аснариадқәа рықәшәеит аинфраструктуратә обиектқәа. Лашарада иаанхеит 15-нызқьҩык атәылауаа, уажәы даҽа лшарақәак рыԥшаара иаҿуп алашара аҿакразы.
Белгородтәи аобласт изныкымкәа Украина аганахьала иалахысхьеит. Арегион аҿы мшаԥы 11 инаркны атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҩежь алагалоуп. Уи лассы-лассы аҿҳәара иацырҵоит, аҵыхәтәаны абҵара 6 рҟынӡа иацырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0