Аԥсны

Аҳауатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Лыхнашҭатәи аныҳәа аҿҳәара инахеит

Апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳауатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Лыхнашҭатәи аныҳәа аҿҳәара инахеит жьҭаара 28 аҟынтә жьҭаара 30 ахь ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа.
Иара иҳәеит ари аӡбамҭа зыдҳәалоу амшцәгьа ҟалоит ҳәа ироуз адырра шакәу.

"Ахәаша ақәа леиуеит ҳәа азгәаҭоуп. Амшцәгьаан аныҳәа уалагәырӷьартә иузымҩаԥгом. Аҭааҩцәагьы маҷхоит. Убри азы амҽышахь иахаагеит. Аныҳәатә программа еиҭакым", - иҳәеит иара.

Кәарцхьиа иҳәеит традициала ишаԥу еиԥш аныҳәа шымҩаԥгахо Лыхнашҭа. Аҵыхәтәантәи ахышықәса акоронавирус апандемиа иахҟьаны ишбжьажьыз.
Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рҽаҩра, аҿамаҿа, инаргоит рнапкымҭақәа. Ари амш азы асценахь ицәырҵуеит акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа. Иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа. Изҭаху ирылшоит рхы аадырԥшырц еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы.
Ҭагалан абеиара: аҽаҩра аныҳәа Лыхнашҭа