Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит

Аԥсны аиҳабыра ирыдыркылаз ареспубликатә биуџьет апроект атәыла ахада ахәаԥшраз изынашьҭхоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жьҭаара 28 рзы Аԥсны аиҳабыра реилатәараҟны 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит.
Афинанстә документ рыдигалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аԥсны азеиԥш ҳәынҭқарратә биуџьет 2023 шықәсазы алагалақәа рыла 12, 5 миллиард мааҭ ҟалоит, аныхрақәа 14,2 миллиард мааҭ дыртәоит, адефицит - 1,7 миллиард мааҭ.

Аԥсны ареспубликатә биуџьет 2023 шықәсазы алагалақәа рыла 9,6 миллиард мааҭ ҟалоит, урыстәылатәи ацхыраара 3,7 миллиард мааҭ дыртәоит.
2023–2025 шықәсазтәи Аинвистициатә программа анагӡара иазоужьхоит 1,2 миллиард мааҭ, 2022–2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограммеи аекономика аусхкқәа рыцхыраареи ирзоужьхоит 180 миллион мааҭ.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра "Анхарҭа-2022" апрограмма аԥаразоужьра иацнаҵеит
2023 шықәсазы Аԥсны ареспубликатә биуџьет аныхрақәа 11,3 миллиард мааҭ дыртәеит. Адефицит - 1,7 миллиард мааҭ.
Владимир Делба иҳәеит 2021 шықәса иаҿырԥшны ахатә лагалақәа 1,8 миллиард мааҭ ирыцлеит ҳәа.
Аԥсны акредиттә уал хада ашәаразы иазыԥхьагәаҭоуп 86,3 миллион мааҭ.
Аԥсны
Делба 2022 шықәсазы арҵаҩцәа рыбжьаратә уалафахәы иахьынӡацло атәы иҳәеит