Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба 2022 шықәсазы арҵаҩцәа рыбжьаратә уалафахәы иахьынӡацло атәы иҳәеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях
Жители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы арҵаҩцәа назлоу аҳәынҭқарратә маҵзурауаа ркатегориақәак руалафахәқәа рыцҵаразы 270 миллион мааҭ азоужьуп.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2022 шықәсазы Аԥсны арҵаҩцәа рыбжьаратә уалафахәы 25 186 мааҭ еиҳам иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Апарламент аилатәараҟны.
Иара иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы ахарҭәааратә ҵара арҵаҩцәа рыбжьаратә уалафахәы 22 000 мааҭ иҟоуп, ашколқәраҟынӡатәи аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа руалафахәы– 20 907 мааҭ, азеиԥшҵара арҵаҩцәа руалафахәы– 25 186 мааҭ.
Делба иҳәеит 2021 шықәсазы ауалафахәқәа халеит абасеиԥш ҳәа:
ашколқәраҟынӡатәи аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа рулафахәы – 13,1%
ахарҭәааратә ҵара арҵаҩцәа рыбжьаратә уалафахәы – 16,9%
азеиԥшҵара арҵаҩцәа руалафахәы – 19,6%
"Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵура аусхкқәа рҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәқәа 2022 шықәсазы рыцҵаразы" Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоуп агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵура аусхкқәа рҟны ауалафахәы ацҵара.
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Аԥсны
Делба еиҭеиҳәеит абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәы аицԥаразоужьраҿ Аԥсны ахәҭа аҽшеиҭанакуа
Иарбоу акатегориақәа 2022 шықәсазы руалафахәы ашьҭыхразы аԥснытәи аган аԥаразоужьра 15% шьақәнартәоит, аурыс ган аԥаразоужьра – 85%; 2023 шықәсазы аԥснытәи аган аԥаразоужьра – 35%, аурыс ган аԥаразоужьра – 65%; 2024 шықәсазы аԥснытәи аган аԥаразоужьра – 30%, аурыс ган аԥаразоужьра – 70%.
2025 шықәсазы Аԥсны абиуџьет иалнаршароуп аҳәынҭмаҵурауаа руалафахәы ашьҭыхра иҳәеит Владимир Делба. Ари аамҭазы арҭ акатегориақәа руалафахәы Аладатәи афедералтә округ аҩаӡараҟынӡа ихалароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0