Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла украинатәи аалыҵ алгара ааннакылоит Севастополь амшын аҿы атеракт ахьыҟарҵаз азы

Асабша ашьыжь шаанӡа Киев атеррористтә жәылара мҩаԥыргеит Севастополь анҭыҵтәии аҩнуҵҟатәи аӡқәа рҿы иҟаз Амшынеиқәатәи афлот иаҵанакуа аӷбақәеи аграждантә ӷбақәеи рганахьала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Урыстәыла Украина абаӷәазақәа рҟынтәи аалыҵ алгара аус уаҳа иалахәхом Севастополь атеракт ахьеиҿыркааз азы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушев аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла шьаҭанкыла Украинатәи арыц аҭыԥан урыстәылатәи арыц изҭаху атәылақәа зегь рахь хәмариала инаргарц шрылшо.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, атеракт еиҿыркаауан, амшынтә операциақәа иҷыдоу 73-тәи украинатәи рцентр аруаа азыҟарҵон британиатәи аҟазауаа.
Ердоган урыстәылатәи арыц аџьармыкьақәа рҿы дшазыԥшу азы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Сҭампыл ԥхынгәы 22 рзы рнапы аҵарҩит афатәи арҵәыгақәеи адунеитә џьармыкьақәа рахь рынашьҭра апроблемақәа рыӡбаразы еицеиԥшьу адокументқәа ҩба. Актәи амеморандум иазԥхьагәанаҭоит адунеитә џьармыкьақәа рахь урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи арҵәыгақәеи ралгаразы еиуеиԥшым аԥынгылақәа раԥыхразы ЕАР ахәдықәҵақәа агарц. Аҩбатәи амеморандум иазԥхьагәанаҭоит украинатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ Киев анапаҵаҟа иҟоу амшынеиқәатәи абаӷәазақәа рҟынтәи ралгара ашьаҿақәа. Аха, Москва ишаанацҳауа ала, Урыстәылантәи арыц алгара азҵаараҿы аилаӡара макьана аус ауӡом. Иазԥхьагәаҭан уи аусру ааннакылоит абҵарамза 19 рзы ҳәа.