Ердоган урыстәылатәи арыц аџьармыкьақәа рҿы дшазыԥшу азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 22 рзы Сҭампыл нап рыҵаҩын ганрацәалатәи аиқәшаҳаҭрақәа урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭра аԥкра ахыхреи Урыстәыла украинатәи арыц атәыла алгара ацхыраареи рганахьала.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган иҳәеит Анкара шазыԥшу урыстәылатәи арыц адунеитә џьармыкьақәа рахь ишалшо ирласны иалагарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәылатәи аган аҟынтәи аашьҭарқәа ыҟам. Ари аус аҿы Путин диашоуп. Афатәаалыҵтә еилаӡарала арыц зқьаф ыҟоу атәылақәа ирызцоит. Аҽа ганкахьала Путин арыц асанкциақәа адҟазҵалаз атәылақәа рахь иахьцо агәҭынчымра инаҭоит. Ҳара иаҳҭахуп урыстәылатәи арыц аашьҭра иалагарц", - иҳәеит Ердоган Хорватиа апресс-конференциаҿы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Мрагылара-европатәи афорум апленартә еилатәараҿы дықәгыло иҳәеит Мраҭашәара украинатәи арыц амла иакырц зылшо Африкатәи атәылақәа рахь акәымкәа Мраҭашәара аҳәынҭқаррақәа рахь иргоит ҳәа. Иара игәаанагарала, ари амаршрут аԥкрақәа рзы Ҭырқәтәыла ахадеи иареи ралацәажәара ахәҭоуп.
Президент РФ В. Путин принял участие в VII Восточном экономическом форуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Аинфлиациа, асанкциақәа, афатә азы аилаӡара: Путин адунеитә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
ЕАРВ аҟны Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа иҳәеит афатәаалыҵтә еилаӡара ахәҭа – урыстәылатәи афатәаалыҵ аекспорт – аус шамуа. Уи иахырҟьаны аилаӡара аусура аанкылахар ҟалоит.
Ԥхынгәы 22 азы Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Украина, ЕАР рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит украинатәи арыц, афатәаалыҵ, арҵәыгақәа Амшын еиқәала, Одесса назлоу абаӷәазақәа хԥа рҟынтәи рымҩангара.
Ажәабжьқәа зегьы
0