Аԥсны

АҲ "Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп

АҲ "Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа цонаҵы Аԥсны урыстәылантәи 100 мегаватт афымца аиуит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. АҲ "Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Гагәылиа ишиҳәаз ала, ҿыц ирԥсахыз ацәаҳәақәы реиԥшьырҭаҿ ааха ахьамыз рыԥшааит.
Иара иажәақәа рыла абҵара акы азы, ҿыц иԥсахыз афымцаҳа анаҿарк ааха аиуит.
Аԥсны ахәҭак урыстәылантәи 100 мегаватт афымца аиуан, егьи ахәҭа ахатәы фымцала еиқәыршәан.

АҲ "Аҽгәара" аҟны ааигәа арҽеиратә усурақәа мҩаԥган, ари зынӡа иҿыцу 30% алашара аазышьҭуа цәаҳәоуп. Иацы уахь атехника нашьҭын, иахьа аусуцәа ааха ахьаиуз аҭыԥқәа рыԥшаауан. Уаҟа иакымкәа ааха ахьаиуз аҭыԥқәа ԥшааны еиҭашьақәдаргылеит. Арҽеиратә усурақәа цонаҵы иацы алашара урыстәылантәи иаашьҭын, уи иахьа асааҭ 18:00 рҟынӡа иҳамоуп", - иҳәеит иара.

Афымцалашара аиураҿ аԥкрақәа алагалан АҲ "Аҽгәара" аҟынтәи алашара зауа рзы.