АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" аусура аиԥҟьара иахҟьаны лашарада иаанхаз араионқәа афымцалашара аиураҿ аԥкрақәа алагалоуп арҽеиратә усурақәа цонаҵы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
АЦә "Аҽгәара" аҟны афымцамч аусзуҩцәа арҽеиратә усурақәа ирҿуп.
Аҩаша абҵара акы азы, Аԥсны еиҳарак хынтә лашарада иаанхеит Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы Аԥсны ахәҭак урыстәылантәи 100 мегаватт афымцалашара аиуит.