Аԥсны

Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны ҩаԥхьа аусура еиԥҟьеит

Авольтҳарк цәаҳәа"Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа рышьҭахь абҵара акы азы алашара аноурыжьҭ ааха аиуит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" аусура еиԥҟьеит асааҭ 17:57 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Анаплакы аусуратә гәыԥқәа зегьы аус руеит афымцацәаҳәа еиҭашьақәыргылахаанӡа.

Аҩаша абҵара акы азы, Аԥсны еиҳарак хынтә лашарада иаанхеит Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы Аԥсны ахәҭак урыстәылантәи 100 мегаватт афымцалашара аиуит.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа ишиҳәаз ала, абҵара акы азы, ҿыц иԥсахыз афымцаҳа анаҿарк ааха аиуит.