Шоигу: НАТО Урыстәыла аанкылара ацынхәрас аҳәаақәа рҟны "аколлективтә ҽыхьчарахь" ииасуеит

Аколлективтә Мраҭашәара иахықәкы хадоуп Урыстәыла аекономикеи арратәи лшарақәа реилаҟәаҟәара ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. НАТО Урыстәыла аанкылара ацынхәрас иара аҳәаақәа иахьрыԥну "аколлективтә ҽыхьчарахь" асистема нагӡахь ииасуеит, абри атәы иҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәылеи Беларуссиеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа еицымҩаԥыргоз аколлегиа аилатәараҿы.
"Рашәарамза анҵәамҭаз НАТО Мадридтәи асаммит аҿы аблок астратегиатә концепциа ҿыц рыдыркылеит. Уа иарбоуп- Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара иахыҵхырҭоуп ҳәа. Уи инадҳәаланы алианс иагәҭакуп Урыстәыла аанкылара ацынхәрас иара аҳәаақәа иахьрыԥну "аколлективтә ҽыхьчарахь" асистема нагӡахь аиасра" - иҳәеит аминистр.
Лавров: Урыстәыла аекономика аҿиара аӡәгьы изынкылом
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара НАТО милаҭрацәалатәи агәыԥ жәабранмза аахыс 2,5 ишеиҳазах, 30000-ҩык шыҟоу, ирыцларгьы шалшо.
Убри аан алианс Украина аԥшыхәратә информациа анаҭоит, Урыстәыла иаҿагыло аинформациатәии асанкциатәии еибашьра мҩаԥнагоит.

"Еилкаауп иҟоу аҭагылазаашьа ЕАА азы ишыфеидо. Вашингтон уи аглобалтә ԥыжәара амазааразы ахы ианархәоит, аха Аколлективтә Мраҭашәара иахықәкы хадоуп Урыстәыла аекономикеи арратәи лшарақәа реилаҟәаҟәара, ахатә политика азымҩаԥымго аҟаҵара",- иҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Украина, Шоигу иажәақәа рыла, ззин ыҟам аметодқәа – атерактқәа, аҭынч уааԥсыра рышьра ахы ианархәоит. Мраҭашәара атәылақәа уи рымбоушәа рҽыҟарҵоит..
Шоигу иҳәеит жәларбжьаратәи аибарххараан жәларбжьаратәи аинститутқәа рроль аларҟәра, Мраҭашәара аҿагылараан Беларуссиа ииашоу дгылаҩны ишыҟоу.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Суровикин: НАТО Киев адҵа анаҭоит Херсонтәи ахырхарҭахь ажәылара иалагарц
"Асеиԥш аан Атәылахьчара аминистрра иус хаданы иашьоит Аидгылатә ҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәыршәара", - иҳәеит аминистр.
Урыстәылеи Беларуссиеи жьҭаара 22 аахыс Беларуссиа аҵакыраҿы арегионалтә еидгыла ар ргәыԥ еиҿнакаауеит иаку аҽыхьчаратә ҵакыра аԥҵаразы.