Лавров: Урыстәыла аекономика аҿиара аӡәгьы изынкылом

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Анапаҵаҩра
Лавров иҳәеит Урыстәыла уаанӡагьы асанкциақәа ишрыниахьаз, жәашықәсала иамоу аԥышәа аҭагылазаашьа аиааира шалнаршо.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аекономика аҿиара, аҩнуҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа аҵшәаара аӡәгьы илшом ҳәа. Абри атәы иҳәеит аминистр аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа Урыстәылазегьтәи ртематикатә конференциаҿы, аанацҳауеит РИА Новости.

"Агәра ганы иуҳәар ҟалоит, Урыстәыла аекономика аҿиара, аҩнуҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа аҵшәаара аӡәгьы илшом ҳәа. Ҳтәыла илнахыз амҩа ианыланы ицоит иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿ.

Аминистр иҳәеит Урыстәыла адунеижәларбжьаратә аренаҿы зыгәра агаша аҩызцәа шамоу, қәҿиарала ишымҩаԥысуа Урыстәылеи ИАР атәылақәеи, Африкеи, Азиеи, Мрагылара Ааигәеи, Латинтәи Америкеи ртәылақәа реимабзиара. Убри аан Урыстәыла Европеи Аҩадатәи Америкеи мап рыцәнакуам.
"Аус зыдуло, акраамҭа ишьақәгылаз аимадарақәа мап рыцәкра ҳара ҳакәӡам иалызхыз", - иҳәеит аминистр.
Встреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и А. Мирзояна - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: иахьа иӡбахоит адунеи ԥхьаҟатәи ашьақәгылашьа зеиԥшрахо
Ажәабжьқәа зегьы
0