Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Суровикин: НАТО Киев адҵа анаҭоит Херсонтәи ахырхарҭахь ажәылара иалагарц

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПонтонная переправа в Херсоне
Понтонная переправа в Херсоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Анапаҵаҩра
Есыҽнытәи аӷа ицәыӡқәа: ишьуи ахәра заузи фышәҩык ма1000-ҩык рҟынӡа ыҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Украинатәи аруаа анапхгара рзыҟазҵо НАТО аиҳабыра иҟалар зуа ацәыӡқәа ирыхьмырԥшыкәа Киев херсонтәи ахырхарҭаҿы ижәылаларц адҵа арҭоит, абри атәы аоперациа ҷыда аҿы Еидҵоу ар ргәыԥ анапхгараҟаҵаҩ, ар реинрал Сергеи Суровикин.
"Акыр ҵуеит Украинатәи аруаа анапхгара рзыҟазҵо НАТО аиҳабыра Киев херсонтәи ахырхарҭаҿы ижәылаларц адҵа арҭоит, убри аан хьаас иркым УАМ аруааи аҭынчуааԥсыреи рҭахара",- иҳәеит Суровикин ателеканал "Россия 24" аинтервиу анеиҭоз.
Суровикин иажәақәа рыла иҟоу адыррақәа рыла, Херсон иахьаҵанакуа киевтәи арежим аибашьраҿ зхархәара ҟамло аметодқәа рхы иадырхәар алшоит, Каховтәи ГЕС аракетатә ааха арҭар ҟалоит, иара убасгьы еилых ҟамҵакәа ақалақь аракета-артиллериатә ааха арҭар рылшоит ҳәа.
"Асеиԥш ахымҩаԥгара ааглыхра дуқәа ринфраструктура ықәнахуеит, аграждантә уааԥсыра ааха рнаҭоит", - иҳәеит аинрал.
Урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласт аҟынтә ауаа ралҵра еиҿыркаауеит.
"Асеиԥштәи аҭагылазаашьақәа раан ираԥхьатәиу усны иҟоуп аҭынчуааԥсыра рыԥсҭазаарақәеи ргәабзиареи рыхьчара. Убри азы урыстәылатәи ар ианаамҭо азы аобласт ахыҵраз ауснагӡатә еиҿыркааит", - иҳәеит иара.
Ақалақь Херсон ахаҭа далацәажәо Суровикин иазгәеиҭеит, УА АМ ара рхымҩаԥгашьа иҟалар зылшо арра-тактикатә ҭагылазаашьа ишахьырԥшхо.
"Аҭагылазаашьа иахьа имариоу акакәны иҟам. Ишысҳәахьо еиԥш, иҟаҳҵо зегьы рҿы аԥыжәара зҭаз аҭынчуааԥсыреи ҳаруааи рыԥсҭазаарақәа реиқәырхароуп. Хшыҩ хьшәашәала, аамҭа иақәыршәаны аӡбамҭақәа ҳадаҳкылалоит, урҭ егьа иуадаҩзаргьы", - азгәеиҭеит аинрал.
Ажәабжьқәа зегьы
0