Аԥсны

АЦә "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рзы аԥара макьана ишәаӡам лҳәеит Озган

"Аҽгәара" афымцацәаҳәа апсахразы аусурақәа ирылагеит жьҭаара акы инаркны, арҽеиратә усурақәа ахәԥса 50 милл мааҭ артәоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет аҟынтәи 50 милл мааҭ аԥара авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" афымцаҳақәа рыԥсахразы иршәараны иҟаз макьана ишәаӡам ҳәа лҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Авольҭҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рзы апроект-сметатә шәҟәқәа шьақәыргыланы Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертизахь ишьҭуп. Иҟарҵо алкаа ашьҭахь ауп ианеилкаахо аԥара шаҟа ахшәаатәу", - ҳәа лҳәеит лара.
Озган иазгәалҭеит "Аҽгәара" азы иаахәаз афымцацәаҳәа ахаҭабзиаразы ишеилацәажәаз Урыстәыла аенергетика аминистрреи "Амшынеиқәафымцамчи", афымцацәаҳәа ҷыдала иҟаҵан.
Лара илҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" макьана "Аҽагәара" имҩаԥгоу аусурақәа рзы ашәҟәынҵак шрыдрымкылац, убри аҟнытә аԥсуа ган аусурақәа зегь хыркәшахаанӡа аԥара шырымшәо.
"Аҽгәара" афымцацәаҳәа апсахразы аусурақәа ирылагеит жьҭаара акы инаркны, арҽеиратә усурақәа ахәԥса 50 милл мааҭ артәоит. Аԥсахратә усурақәа рышьҭахь ацәаҳәа аушьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтәи 300 мегаватт ҟалоит.
Аԥсны
Озган аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит урыстәылантәи афымцалашара аашьҭразы