Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит урыстәылантәи афымцалашара аашьҭразы

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала даҭаан игәеиҭеит иаҳараку авольттә цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны иҟалаз аиԥҟьара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа шымҩаԥысуа.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала Урыстәыла Аенеркетика аминистрраҿ аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит урыстәылантәи алашра аашьҭразы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Озган лажәақәа рыла, иҳараку авольттә цәаҳәа "Аҽгәара" шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа ҿҳәарас иарбан абҵарамза 15-нӡа, аха аԥсуа ган иадҳәалам атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны, хықәкыла урыстәылантәи иаауаз алашара апкрақәа аларгалеит. Лара илҳәеит алашара аашьҭра шаанкылахаз еилаӡарыла, ԥыҭрак анаҩс ҩаԥхьа ишаарышьҭуа азы.
Аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит уи иахҟьаны 32 км рыԥсахран иахьыҟаз 24 км шакәу иԥсаху.
"Аҩбатәи амзыз адҳәалоуп, ахархәарахь ирыҭоу ацәаҳәа инҭырҳәыцааны аусушьа агәаҭараз аамҭа азымхара. Аус зыдулаз ацәаҳәа зда ԥсыхәа ыҟам аусура иаларган. Убри иахҟьаны афымцамч аужьра иадҳәалаз ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар ацәаҳәақәа ахархәарахь ианрыҭаз ицәырҵыз ауадаҩрақәа аԥыхтәын", - лҳәеит Кристина Озган.
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Зураб Багаԥшь иҳәеит, аусурақәа рхатәы мчқәа рыла хымз иреиҳаны ишадхалоз, убри аҟынтә лассы ихыркәшахарцаз урыстәылантәи абригадақәа шаарԥхьаз.
Багаԥшь иажәақәа рыла, аенергетикцәа ирзаԥҵәаз аҽҳәара мызки бжаки рыҽҭарыгӡон, аха урыстәылантәи алашара иаауаз ахьааныркылаз иахҟьаны ацәаҳәа ахәҭак ауп ирԥсахыз.
Иара убас уи иҳәеит, афымцалашара аашьҭра анаанкылаха, ацәаҳәа ҿыц ахархәара аҭатәхеит, иаиуз аидара азоужьра-ҭышәныртәаларатә усурақәа раан раԥыхра зылшоз ауадаҩрақәа цәырнагеит. Абасала, ацәаҳәа ҿыц аусураҟны ҷыдарақәак ааԥшит, уи иаанаго уи ауп, атәылауаа афымцамч еиԥымкрада ироулартә залыршахаӡом.
Ажәабжьқәа зегьы
0