Аԥсны

Бжьаниа алашара арцәараз иалагалоу аԥкрақәа рзы: зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп

Аԥшьаша, абҵара 10 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра рҿаԥхьа иусураз аҳасабырба ҟаиҵоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа раԥхьа иргыланы АЦә "Аҽгәара" аусура аиԥҟьара иахҟьаны афымцалашара аиуразы иалагалоу аԥкрақәа дырзааҭгылеит.
Бжьаниа иажәақәа рыла, Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуаз афымцалашара иазыԥҵәаз аҿҳәара аамҭа аиаанӡа 15 мшы шыбжьаз иаанкылахеит. Ари арҽеиратә усурақәа рынагӡара еиԥнарҟьеит.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит алашара арцәараз иалагалоу аԥкрақәа-зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп ҳәа.
Абҵара 9 раахыс Аԥсны иахьаҵанакуа алашара аамҭа-аамҭала идырцәоит.