Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсны ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадас дыҟоуижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Аԥсны анапхгара атәыла ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада Аслан Бжьаниа.
"Ишәсырдырыр сҭахуп атәыла анапхгара иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаԥнаго ашәарҭадара аус аганахь ала: аиҿкаара-штаттә ҟазшьа, аҽеизакратә хиара, абџьари атехника ҷыдеи рыла аиқәыршәара, аматериал-техникатә еиҿкаара рганахь ала", - иҳәеит ахада.
Уаанӡа ахада Арбџьармчқәа анапынҵа риҭахьан атәылахьчареи ашәарҭадареи алзыршо аҽеизакратә зыҟаҵара ҳаракы рымазаарц.