АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Апрокуратура хада аӡбамҭа аднакылеит жәларбжьаратә аиҿкаара "Вудро Вильсон ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә центр" аусура Урыстәыла аҵакыраҿы аусура хәарҭам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адыра злаҟарҵо ала, аматериалқәа анҭырҵаа, еилкаахеит аҳәаанырцтә Иҳәынҭқарратә аиҿкаара Урыстәыла аконституциатә шьақәгылашьеи ашәарҭадареи ишырԥырхагоу.
Ари аӡбамҭазы адыррақәа нашьҭуп Аиустициа аминистррахь, уи ари аиҿкаара аланагалоит Урыстәыла изқәиҭым аҳәаанырцәтә, жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рсиа иаланагалоит, уи азы адыррагьы рыланарҵәоит.
Урыстәыла аусура иақәиҭым аиҿкаарақәа азин рымам атәылаҿы аҟәшақәа рымазар, абанктә операциақәа мҩаԥыргар, аинформациа аладырҵәар, рыпрограммақәеи рыпроектқәеи нарыгӡар. Уи азы административтә ма ашьауӷатә хьырхәра иақәдыршәар ҟалоит.
Вудро Вильсон ихьӡ зху ацентр ихьыԥшым аполитикатә ҭҵаарақәа анапы алакуп, "ихьыԥшым аҭҵаарақәеи иаарту адиалоги рыбзоурала аглобалтә проблемақәа рыӡбара ахьалшо политикатә форумуп" ҳәа аԥхьаӡоит.