Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР мраҭашәаратәи НПО ахаҭарнак "персона нон грата" ҳәа рыларҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иӡыригеит Аԥсны аҵакыраҿы НПО ахаҭарнакцәа аелектронтә еиҭагагақәа рхы ишадырхәоз аԥшыхәратә информациа аизгаразы.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба еиҭеиҳәеит ареспубликаҿ ашпионтә усуразы "персона нон грата" ҳәа Франциа атәылауаҩ Тифен Лукас дшыԥхьаӡоу. Лара напхгара алҭон ЕАР афатәаалыҵтәии ақыҭанхамҩатәии программақәа руак.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы иазгәаҳҭо ҳалагеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи жәларбжьаратәи НПОқәеи активла рхы шымҩаԥырго. Ари аҳәынҭдача "Пицунда" аиԥш егьырҭ атемақәагьы ирыдҳәалоуп. Аԥсны АШәМ иаҳнаҭаз аинформациала аиҿкаара апроект анализ азыҟаҳҵеит. Апроект Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿ имҩаԥысуан, хықәкысгьы иаман аԥсуа жьхкқәа реиҭарҿиара", - иҳәеит аминистр.

Убри аан апроект анагӡаразы иалкааз аҵакыра урыстәылатәи еиду арратә база ахьгылази ПВО атехникатә позициақәеи ирзааигәан.
"Иҳауз аинформациала атәылауаҩ Тифэен лнапы ианын Аԥсны аҵакыраҿы аинформациа маӡа аизгара. Ари амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәауааны иазаҳаԥхьаӡоит. Уи инадҳәаланы иҳадаҳкылеит аӡбра – апроект абаза ааигәара аусура аанкылара. Атәылауаҩ Лукас "персона нон грата" ҳәа дазгәаҭоуп. Лара Аԥсны аҵакыра нлыжьхьеит" ҳәа иҳәеит аминистр.
Арӡынба иҳәеит Тифен Лукас уаанӡа Франциа атәылахьчара аминистрраҟны аус шылуаз, Қарҭ Франциа арратә атташеис дшыҟаз.
Аԥсны ААР ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакыраҿы ишыҟоу 11 жәларбжьаратә еиҿкаара.
"Урҭ реиҳарак русура азырхоуп аԥшыхәратә информациа аизгара, ақырҭуа программа "зхаҵарада алахалара" аҿар радыԥхьалара, аԥсуа уаажәларратә еилазаара ақырҭуа еилазаарахь ралалара агуманитартә цхыраареи, аконференциақәеи, аҵаратә тренингқәеи рымҩаԥгарала", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Иара иҳәеит арҭ аиҿкаарақәа Аԥсны аус шыруагьы ареспублика асуверенитет шазхарымҵо.
"Ус анакәха иазхарҵом ҳажәлар риааиреи ргәаҟреи, иазхарҵом ҳҳәынҭқарра" - иҳәеит иара.
Инал Арӡынба иҳәеит дшадгылаҩу Аԥсны аҵакыраҿы иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура аҭышәныртәалараз азакәан адкылара. Хымԥада аиҿкаарақәа русура еилыкказароуп, рԥараиура ахыҵхырҭа еилкаазароуп, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәагьы рхы рыларымгалалароуп ҳәа ишьоит аминистр.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иӡыригеит Аԥсны аҵакыраҿы НПО ахаҭарнакцәа аелектронтә еиҭагагақәа рхы ишадырхәоз аԥшыхәратә информациа аизгаразы. Иара иҳәеит арҭ рҩызцәа агәаҭагақәа Ашьха Ҟарабахгьы ахархәара шрырҭоз уа аибашьра алагамҭаз.
Инал Ардзинба провел встречу с главами представительств международных организаций  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Инал Арӡынба иҳәеит жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура адгылара шарҭало
Ажәабжьқәа зегьы
0