https://sputnik-abkhazia.info/20221112/tsentr-vudro-vilsona-priznan-nezhelatelnym-na-territorii-rossii-1042598666.html
Вудро Вильсон ицентр Урыстәыла аусура иақәиҭым ҳәа ирӡбеит
Вудро Вильсон ицентр Урыстәыла аусура иақәиҭым ҳәа ирӡбеит
Sputnik Аҧсны
ЕАА 28-тәи ахада Вудро Вильсон ихьӡ зху ацентр аԥнаҵеит Аконгресс 1968 шықәса рзы, уи хықәкыс иамоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҵарауаа аполитикатә ҭҵаарақәа... 12.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-12T13:22+0300
2022-11-12T13:22+0300
2022-11-12T15:01+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101826/11/1018261188_0:170:3021:1869_1920x0_80_0_0_5b4e2beabb5b52496a7f22a2b4ecf748.jpg
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Апрокуратура хада аӡбамҭа аднакылеит жәларбжьаратә аиҿкаара "Вудро Вильсон ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә центр" аусура Урыстәыла аҵакыраҿы аусура хәарҭам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Ари аӡбамҭазы адыррақәа нашьҭуп Аиустициа аминистррахь, уи ари аиҿкаара аланагалоит Урыстәыла изқәиҭым аҳәаанырцәтә, жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рсиа иаланагалоит, уи азы адыррагьы рыланарҵәоит.Урыстәыла аусура иақәиҭым аиҿкаарақәа азин рымам атәылаҿы аҟәшақәа рымазар, абанктә операциақәа мҩаԥыргар, аинформациа аладырҵәар, рыпрограммақәеи рыпроектқәеи нарыгӡар. Уи азы административтә ма ашьауӷатә хьырхәра иақәдыршәар ҟалоит.Вудро Вильсон ихьӡ зху ацентр ихьыԥшым аполитикатә ҭҵаарақәа анапы алакуп, "ихьыԥшым аҭҵаарақәеи иаарту адиалоги рыбзоурала аглобалтә проблемақәа рыӡбара ахьалшо политикатә форумуп" ҳәа аԥхьаӡоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220913/asny-aar-mraasharati-npo-akhaarnak-persona-non-grata-a-rylareit-1041478586.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101826/11/1018261188_145:0:2876:2048_1920x0_80_0_0_68019f9f43a09ecad59fd25d3ee4b944.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Вудро Вильсон ицентр Урыстәыла аусура иақәиҭым ҳәа ирӡбеит
13:22 12.11.2022 (ирҿыцуп: 15:01 12.11.2022) ЕАА 28-тәи ахада Вудро Вильсон ихьӡ зху ацентр аԥнаҵеит Аконгресс 1968 шықәса рзы, уи хықәкыс иамоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҵарауаа аполитикатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргаразы ацхыраара рыҭара.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Апрокуратура хада аӡбамҭа аднакылеит жәларбжьаратә аиҿкаара "Вудро Вильсон ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә центр" аусура Урыстәыла аҵакыраҿы аусура хәарҭам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адыра злаҟарҵо ала, аматериалқәа анҭырҵаа, еилкаахеит аҳәаанырцтә Иҳәынҭқарратә аиҿкаара Урыстәыла аконституциатә шьақәгылашьеи ашәарҭадареи ишырԥырхагоу.
Ари аӡбамҭазы адыррақәа нашьҭуп Аиустициа аминистррахь, уи ари аиҿкаара аланагалоит Урыстәыла изқәиҭым аҳәаанырцәтә, жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рсиа иаланагалоит, уи азы адыррагьы рыланарҵәоит.
Урыстәыла аусура иақәиҭым аиҿкаарақәа азин рымам атәылаҿы аҟәшақәа рымазар, абанктә операциақәа мҩаԥыргар, аинформациа аладырҵәар, рыпрограммақәеи рыпроектқәеи нарыгӡар. Уи азы административтә ма ашьауӷатә хьырхәра иақәдыршәар ҟалоит.
Вудро Вильсон ихьӡ зху ацентр ихьыԥшым аполитикатә ҭҵаарақәа анапы алакуп, "ихьыԥшым аҭҵаарақәеи иаарту адиалоги рыбзоурала аглобалтә проблемақәа рыӡбара ахьалшо политикатә форумуп" ҳәа аԥхьаӡоит.