Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи МИ-8 карыжьит

Арратә операциа иалахәу урыстәылатәи архәҭақәа зегьы Украина рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа нарыгӡоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа украинатәи авертолиот Ми-8 карыжьит Запорожиатәи аобласт аиланхарҭа Новоселовка аҿы, абри атәы аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.
"Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи рхысрақәа ирыбзоураны еилаԥыххаауп УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа бжьба, 94 артиллериатә ҟәшеиҵа, 185 раион рҿы ари атехникеи.
Уи адагьы, еилаԥыххаауп арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, артиллериатә системақәа М777 ҩба, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Акациа", РСЗО "Град" амашьына.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрра: Польша урыстәылатәи аракетақәа каҳаит ҳәа ирҳәо провокациоуп
Аҳаирмчрақәа ахархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа хԥа, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "HIMARS", "Ураган" рыхгәыцәқәа 11.
Купиантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар УАМ аротақәа хԥа ржәылара аԥдырҟәҟәааит, шьҭахьҟа иԥхьарцеит, убри аан иҭахеит 80-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, атанкқәа 6, аршьаҟауаа рмашьынақәа 8, акәылӡмашьынақәа 2, зхала иныҟәо артиллериатә машьынақәа 3.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы украинатәи атактикатә ротақәа ҩба Коломыичиха ажәылара рҽазыршәеит, аха иқәҿиарадахеит. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп 100-ҩык украинатә аруаа, ҩ-танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Павловка ахақәиҭраз ицоз ажәылараҿы 1400-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҭахеит
Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ илҵшәадаз аконтржәыларақәа мҩаԥыргеит, дара гәҭакыс ирыман урыстәылатәи аруаа ԥхьаҟа рынаскьара иаԥырхагахар, уаанӡа иахьгылаз аҭыԥқәа рахь ихынҳәыр. Артиллериеи урыстәылатәи ажәыларатә гәыԥқәеи ршьаҿақәа ирыбзоураны, аконтржәыларақәа зегьы аԥырҟәҟәаан, аӷа дыԥсаҟьан. Иҭархан 160-ҩык инареиҳаны украинатәи аррамаҵзуҩцәа, 5-кәылӡымашьынак, аџьаԥҳаны зқәыз амашьынақәа ҩба, ҩ-танкк.
Алада-Донецктәи ахырхарҭа аиланхарҭа Степное аҿы УАМ илҵшәадаз ажәыларақәа мҩаԥыргеит, иҭархоуп 65-ҩык украинатәи аруаа, аибашьыга машьынақәа ҩба, акәылӡмашьынақәа хәба, автомашьынақәа хԥа.