Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрра: Польша урыстәылатәи аракетақәа каҳаит ҳәа ирҳәо провокациоуп

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТренировки по управлению стратегическими силами
Тренировки по управлению стратегическими силами - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2022
Анапаҵаҩра
Аусбарҭа аҳәамҭала апровокациа иахықәкуп арегион аҿы аҭагылазаашьа аицәатәра.
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Польша, аиланхарҭа Пшеводув иахьаҵанакуа урыстәылатәи аракетақәа каҳаит ҳәа ирҳәо провокацианы иршьоит Атәылахьчара аминистрраҿы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҿы.
"Абҵара 15 ауха Польша аиланхарҭа Пшеводув иахьаҵанакуа ирбаз аԥҽыхақәа рфотосахьақәа урыстәылатәи атәылахьчаратә комплекс аҟазауаа Украина арратә мчрақәа иртәу азенит-ракетатә комплекс С-300 иахәҭақәоуп ҳәа иршьеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррала абҵара 15 азы Украина арра-напхгаратә системеи иара иадҳәало аенергетика аобиектқәеи ааха ӷәӷәа рыҭан. Иҭырҟьаз аракетақәа зегьы иззырхаз ацәҟьарақәа ирықәшәеит.
Иазгәаҭоуп ааха зҭаз Польша 35 километра иацәыхароу украинатәи аобиектқәа шракәу.
Убри аан иҳәоуп Киев аобиектқәа ааха шрыҭамыз, киевтәи арежим ицәырырго ауаа реиланхарҭатәи аилаԥыххаарақәа зыхҟьаз украинатәи аҳаирҿагыларатә мчқәа комплексқәа рзениттә ракетақәа ркаҳара шакәу.
Абҵара 15 азы Лиублинтәи аиланхарҭа Пшеводув аракета каҳаит. Иҭахеит ҩыџьа ауаа. Польша ахада Анџьеи Дуда иҳәамҭала макьаназ аракета ҭзырҟьаз иеилкаараз шьақәырӷәӷәагак ыҟам.
Ажәабжьқәа зегьы
0