АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Цандрыԥшь аҳаблан афымцалашара ҩаԥхьа иаҿаркит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Маҳадыртәи Аӡытә фымцастанциа аиҳабы Станислав Хышба.
Цандрыԥшь ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа реиԥҟьара иахҟьаны абҵара 16 руха. Абҵара 18 рзы алашара рырҭеит иахьабалак, аҩнеихагылақәа ҩба рыда - уа атрансформатор бжьысит.
Хышба иажәақәа рыла, иахьа уа атрансформатор ҿыц ықәыргылан, ахәылбыҽха ауаа алашара рырҭеит.