Аԥсны

Гагреи Пицундеи рраионтә хәшәтәырҭақәа рҿы амаруга ҿыцқәа ықәыргылоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика аппарат ықәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"2,6 миллион мааҭ зыхәԥса наӡо аультрабжьытә аппарат Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа ҳамҭас иеиҭеит Саид Лолуа. Иара аусура иаладыргахьеит, ареспублика атәылауааи асасцәеи рымаҵ ауеит. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр Едуард Быҭәба.

Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, амаруга ҿыц иалнаршоит акардиологиатә адазы ауадаҩрақәа змоу ргәаҭара.
Ахәшәтәырҭаҿ иара убасгьы иқәыргылоуп атрансформатор.
Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентген аппарат рымамижьҭеи 30 шықәса ҵуеит.
Аҳақьым хада Савели Серетиди иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа анапхгара изныкымкәа агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟарҵахьан арентген аппарат аиураз.
Уажәы аппарат ҿыц аус ауеит. Пицунда ахадара уаанӡа иаразы ауада арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргахьан, уажәы иаразын иҷыдоу ашәқәа ҿарҵараны иҟоуп, уи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иаагахоит.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы ахәԥса шьақәыргылоуп