Аԥсны

Аԥсны Азакәан хада рыдыркылеижьҭеи 28 шықәса ҵит

Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭарала уи шьақәырӷәӷәан.
Sputnik
Sputnik
Абҵара 26, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара иаднакылеит ихадоу азакәан - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит
Аконституциа анрыдыркылоз аамҭа акыр ихьанҭан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга адырҩашықәса акәын. Зхы иақәиҭу ихьыԥшыму Аҳәынҭқарра ҿыц адокумент ҿыц аҭахын, Аԥсны аҿиара ашьаҭа зырӷәӷәоз, аизҳазыӷьразы аҭагылазаашьа азҭоз.
Адунеи атәылақәа аԥсуа-ақырҭуатә еибашьраҿы ақәылаҩ идгылеит. Урыстәыла аганахь ала усҟантәи аамҭазы азхаҵара азҵаара ықәгыламызт.
1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз Станислав Лакоба иҳәеит усҟан аамҭа акыр ишыцәгьаз. Аҭагылазаашьа аруадаҩуан Чечентәыла ицоз ахҭысқәа.
"Усҟан, Ельцин иаамҭазы, ҳара даҽакала иҳахәаԥшуан. Ауадаҩрақәа даара ирацәан. Кавказ имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирымаданы, Шеварнаӡе, Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло мчык аҳасабала иааирԥшыр иҭахын. Абас иҟаз аҭагылазаашьазы ауп Аконституциа шҳадаҳкылаз. Абҵара 26 аҽны аизара мҩаԥаагеит, зҵаара хадасгьы иқәгылан Аконституциа адкылара, насгьы апрезиденттә напхгара аформахь аиасра", - иҳәеит Лакоба.
Мшаԥымза 1994 шықәсазы Москва, Аԥсни Қырҭтәылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит азҵаарақәа зегьы аполитикатә хархәагақәа рыла аӡбаразы.
"Адунеи ауаажәларра аимак аӡбаразы ирымаз алшарақәа рхы иадырхәеит, аха ирылымшеит аҭагылазаашьа аиӷьтәра. Ажәытә конституциала адунеи ауаажәларреи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыргылара ауамызт, ҳхатәы Конституциа ҳадаҳкылар акәын", - иҳәеит 1994 шықәсазы Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Олег Дамениа.
Арадио
Занҭариа: Аконституциа Аԥшьашәҟәы иаҩызоуп
Станислав Лакоба иажәақәа рыла, Аконституциа адкылара зегь ақәшаҳаҭымхеит, аӡәык-ҩыџьак абжьыҭараҿ рҽааныркылеит.
"Аха уи адкылараҿы иҟаз ауадаҩрақәа Владислав Арӡынба риааира илшеит. Убас, Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҭоурыхтә ҵак ду змоу Аконституциа ҳадаҳкылеит", - ҳәа азгәеиҭеит Лакоба.
Ари ашьаҿа иахҟьаны Урыстәыла хара имгакәа Аԥсны аекономикатә блокада азнауеит.
Станислав Лакоба игәаанагарала, Аконситуциа иабзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарра аиқәырхареи аҿиареи алыршахеит.
Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭарала иазыразхеит.
1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахыс аӡбаҩцәа алырхуеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.
Арадио
Габуниа азакәанԥҵараҿы ажәлар рлагала азы: азакәан зхы иазырхәо еиҳа ибарҭоуп
2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа, иара убас ишьақәырӷәӷәан ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма иԥызкуа, Аԥсны ахьыԥшымреи ма аҵакыратә акзаареи ирԥырхагоу, ажәлар рымчра, амчрақәа реихшара апринцип иаҿагыло, адгьыли ма егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы ахатәтәра аҳәынҭқарратә форма зыԥсахуа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә бызшәа астатус еиҭазкуа аиҭакрақәа ралагалара шыҟамло азы ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп.
Жәабранмза 2016 шықәсазы амчра аиуит Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа алазгало Ахшараиура аԥыргара иақәиҭызымтәуа "Ан лгәабзиареи имиц ахәыҷи рыԥсҭазаарақәа рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект. Уи ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи рсистема ареформа азура ирзырхоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аконституциа ареформазы Акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа.
Акомиссиа аилазаараҿ иҟоуп Аԥсны ауаажәларратә усзуцәеи азиндырҩцәеи.
Аԥсны иаԥҵоуп Аконституциатә реформазы Акомиссиа