Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Курсктәи аҳаиртә баӷәаза аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ажәлеит

Уаанӡа, ашәахьаҽны, Украина Урыстәыла, Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы арратә ҳаиртә баӷәазақәа аԥырҩы дызҭам ареактивтә хархәагақәа рыла иажәлеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Курсктәи аҳаиртә баӷәаза аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ажәлеит ҳәа и-Telegram-канал аҿы еиҭеиҳәеит агубернатор Роман Старовоит.

"Аҳаиртә баӷәаза аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ражәлара аан амца акит анефҭеизакырҭа. Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Амца дырцәоит. Амаҵзура ҷыдақәа русура мҩаԥыргоит", - ҳәа иҩуеит иара.

Курсктәи аҳаиртә баӷәаза жәабран 24 раахыс аԥкратә режим инадҳәаланы аграждантә ҳаирпланқәа аднакылом, егьырҭ Урыстәыла аҳаиртә баӷәазақәа 10 рҟнеиԥш.
Уаанӡа, ашәахьаҽны, Украина Урыстәыла, Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы арратә ҳаиртә баӷәазақәа аԥырҩы дызҭам ареактивтә хархәагақәа рыла иажәлеит, аҳауаҽацәахьчаратә хархәагақәа урҭ карыжьит ҳәа аанацҳаит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, иҭахеит хҩык арра-техникатә еилазаара аусзуҩцәа, аҽа ԥышьҩык аахақәа роуит. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭоуп. Аҳаирпланқәа ҩба ибаргәым аԥхасҭа рыҭоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев Урыстәыла арратә ҳаиртә баӷәазақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла иажәлеит