Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Киев Урыстәыла арратә ҳаиртә баӷәазақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла иажәлеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчебно-тренировочные полеты Су-24 и МиГ-31 в Мурманской области
Учебно-тренировочные полеты Су-24 и МиГ-31 в Мурманской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
Аҳаиртә хархәагақәа хықәкыс ирыман урыстәылатәи аҳаирпланқәа русура аиԥырҟьара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Ашәахьаҽны Украина Урыстәыла, Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы арратә ҳаиртә баӷәазақәа аԥырҩы дызҭам ареактивтә хархәагақәа рыла ирыжәлеит, аҳауаҽацәахьчаратә хархәагақәа урҭ карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ԥхынҷкәын 5 рзы киевтәи арежим Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы арратә ҳаиртә баӷәазақәа "Диагилевои" "Енгельси" аԥырҩы дызҭам ареактивтә хархәагақәа рыла ирыжәлеит, урыстәылатәи аҳаирпланқәа рхархәара аиԥырҟьара хықәкыс ирыманы", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Адырраҭара ишаҳәо ала, Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа илаҟәны иԥыруаз карыжьит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, иҭахеит хҩык арра-техникатә еилазаара аусзуҩцәа, даҽа ԥышьҩык аахақәа роуит. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭоуп.
Ари аҭакс Урыстәыла украинатәи арратә напхгараҭаратә системеи уи иадҳәалоу атәылахьчаратә комплекс аобиектқәеи ирыжәлеит.
"Киевтәи арежим террористтә актла урыстәылатәи ахаратә авиациа аусура аиԥырҟьара аҽшазнашәазгьы, иахьа, асааҭ 15:00 (мск) азы украинатәи арратә напхгараҭаратә системеи уи иадҳәалоу атәылахьчаратә комплекс аобиектқәеи ааха ӷәӷәа рыҭан икылкаан ахара ихысуа абџьар ала. Иарбаз 17 обиект ааха рыҭан", - рҳәеит аминистрраҿы.
Иазгәаҭоуп ари ашьҭахь УАМ арезервқәа, аџьаԥҳани аибашьыга техникеи еихамҩатә транспортла рымҩангара шеиԥҟьоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0