Аԥсуа изы акырӡа аҵанакуеит асас ишихәҭоу идкылара. Зыбзазара еиҿкаау, зхәы иаҭәҳәаны изфо анхаҩы иҩны ашә еснагь иаартуп, иҩнаҿы асас хәы ҵәахызаауеит: ахаа-мыхаа инаркны арыжәтә џьбара аҟынӡа.
Аԥсуа игәара асас данааҭалалак, аԥшәма иаарццакны диԥылоит: “Уа, бзиала уаабеит! Умҩахыҵ!” - иҳәоит. Аԥшәма инаҩс аҩнаҭа иалахәу зегьы аӡәаӡәала, еиҳабы-еиҵбыла асас аԥсшәа иарҳәоит.
Асас дызҭааз аҩнаҭаҟны зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс дыҟазар, "иухьша-мыхьша сара исыхьааит" ҳәа лнапы ыргьежьуа диԥылоит, иҟалалон ижәҩа данагәӡуазгьы.
Асас аҩныҟа данаарыԥхьо, аԥхьа аҩналара зыхәҭоу аҩнаҭа аԥшәма иоуп. Уи ус шакәугьы, аԥшәмеи асаси рыбжьара ашә аҩналамҭаз абри аҩыза ацәажәарақәа мҩаԥысуеит:
– Унеи, уххь згеит! – иҳәоит аԥшәма.
– Иҟалома, уара уаԥшәымоуп! Уаԥхьа сышԥанеиуеи! – аҭак ҟаиҵоит асас.
Убри ашьҭахь аԥшәма, ишаԥу еиԥш, асас иаԥхьа днагыланы, егьырҭ аҩнаҭа иалахәугьы еибарԥшны, аҩны иныҩналоит.
Аԥҳәыс лхаҵа дисаркьоуп
Аҭаацәа рхада, ҳәарада, ахаҵа иоуп, уи имариам иус аҿы дарӷьажәҩаны дивагылоуп аԥҳәыс. Аԥсуаа баша ражәа иалам "Аԥҳәыс лхаҵа дисаркьоуп" ҳәа. Аԥҳәыс лхаҵа ирҳаны иааиго еиҿылкаароуп, ахшара рааӡара, ҭаацәак рыфатә-рыжәтә аҟаҵара, амаҭәа-аҩыҭәа реиқәыршәара, аҩны-агәара, асас ишиқәнагоу иԥылара уҳәа, лџьабаа ҵа змаӡам атыша излеиԥшу рацәоуп.
Ауаҩы моу, аиха хоит. Аԥҳәыс мзызқәак ирыхҟьаны деихьымӡазар, акырӡа аҵанакуеит ахаҵеи аԥҳәыси рхеибарҭәаареи реихаҵгылареи. Еиҵахаз аԥшәмаԥҳәыс имырхьаакәа, маанала лыцхраара зылшаз ахаҵа изкуп аҵарауаҩ Артур Аншба ианиҵаз "Ахаҵа имаана" захьӡу аҳәамҭа. Аҳәамҭаҿы хадаратәла ахҭысқәа абас имҩаԥысуеит:
"Инхон хаҵаки ԥҳәыски. Даара пату еиқәырҵон, зегь рыла еиқәшәан.
Ҽнак асасцәа рзааит. Аԥҳәыс рхәы ҟалҵеит, акәты рзылшьит. Акәты анылрыцқьоз, аҵәынҵәлаӷь лхашҭны, иԥымҟаӡакәа иаанлыжьзаарын, акәтыжь еиҿыҟьҟьаны ианрымҵалҵоз, икәымпылӡа иааҭшәеит. Аҵәынҵәлаӷь шрыцқьамыз збаз асасцәа, "ари дыԥҳәыс гәамзаап" ргәахәын, рхәы иамҵкласшәа руит, акәымзар рацәак акгьы рымфеит.
Ианца, аԥшәма иԥҳәыс длазҵааит:
– Абри ҳасасцәа ак ргәамԥхазшәа збеит, иҟалеи? – ҳәа.
– Аума сыхьит, аҵәынҵәлаӷь мрыцқьаӡакәа ирымҵасҵазаап, - лҳәеит иԥҳәыс.
– Ус акәзар, агьаурым. Аҩ бзиа ҳамоуп ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны, асасцәа сеиҭарыԥхьоит, бара баалаган акәты шьы, аҵәынҵәлаӷь ҭыхны, ашә ҭаҵаны иӡахы. Нас афатә аишәа иқәҵаны бца, лассы бмааин, - иҳәеит ахаҵа.
Убас иагьыҟалҵеит.
Асасцәа рхәы ианахатәа, аԥшәмаԥҳәыс лассы дмааит. Аԥшәма акәты еиҿыхны, агәы анааԥиҟа, еиҭа аҵәынҵәлаӷь кәымпылӡа иааҭшәеит. Аԥшәма ҳәызбала длахан, аҵәынҵәлаӷь ааԥиҟазар, ашә ҭыҩрны ачанах инаныԥсалеит. Асасцәа ирбаз џьаршьеит. "Ԥасагьы аԥшәмаԥҳәыс абас иҟалҵазаарын, ҳара иаҳзеилымкааит акәымзар", - ааргәахәит.
Абас, маанала ахаҵа иԥҳәыс абӷа лиҭеит.