Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳаԥсуара Анцәа иумырӡын!": аԥсуаа ҳҵас-ҳқьабз иазку згәаҭарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукОсень в Абхазии
Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы дазааҭгылоит аԥсуара иаҵанакуа аҵаси ақьабзи ртәы.
Аԥсуа иажәа иалоуп: "Ҳ-Аԥсуароуп ҳаибаркны ҳазмоу" уи иныҳәаԥхьыӡгьы иацуп: "Ҳаԥсуара Анцәа иумырӡын". Абасала, ари ажәа аԥсуа ихы-игәаҿы иҟоуп, ԥсыс ихоуп, доуҳас имоуп, иара изы уи нцәоуп, ԥсҭазаароуп. Ус шакәугьы, Аԥсуара иахьа уажәраанӡа иааидкыланы иҭҵаам, уи закәыҵәҟьоу, ҳәаақәас иамоу инҭкааны аӡәгьы издырӡом. Абасала, аԥсуара афеномен, иара аԥызҵаз ажәлар рзы цқьа иаартым, имаӡа-аргамоу акы акәны иҟоуп."
Никәала Ҳашыг
Ҳара ҳмилаҭ ҭызго, рыхьӡ Аԥсны иахзырҵәо, игәазырҳагоу ҳатрадициақәа рахь иԥхьаӡатәуп аԥсуара аныҟәгара. Уи усгьы имариаӡам, аха аԥсуа диины адәы даннықәла нахыс уи анагӡара далагоит, избанзар, иара ишьа иалоуп, идырым мчык иаҩызоуп, акы иҵанаҳәоит, инарҟаҵоит. Иара убасгьы уи есымша Анцәа дхеиҵоит, димҵаныҳәоит, есышықәса аԥсуа дызлатәоу иҳаблеи иареи аԥхын агәазы еиҿыркаауеит Анцәарныҳәара, Анцәа иашьапкра… Урҭ сара санрыхьӡаз ишымҩаԥыргоз, иахьагьы ишымҩаԥырго, ҳаԥхьаҩ ихы-игәаҟынӡа иназгар сҭахуп, издыруада, аҿар рахьтә шьоукы уи иазҿлымҳахар, дара ирзааигәаӡоу, ирӡтәым акеиԥш иахәаԥшуа иалагар!..

Асасдкылара

Аԥсуаа ажәытәӡа аахыс рытрадициа бзиақәа зегь раԥхьа идыргылоит асасдкылара. Иҟалап, адунеи аҿы асасдкыларазы еиуеиԥшым амилаҭқәа алыркаауазар, ари атрадициа иреиӷьӡаны имҩаԥызгақәо рахь иԥхьаӡатәызар ҳара ҳмилаҭ. Иҟоуп жәларқәак, асас дрызнеиуазар, уи дара рахь дшымҩахыҵуа заа адырра римҭозар, дыздызымкыло! Ма аҭел урзасроуп, ма адырра руҭароуп дара рахь ушнеиуа, нас аамҭа рымазар, русқәа акгьы уаԥырхагамзар, иҟалоит урыдыркылар!..
Аԥсуа иагьа ус имазаргьы, иҩны уаннеи, еиҳаракгьы ақыҭаҿ акәзар, иусқәа зегьы аакажьны, уара апату уқәҵара далагоит!.. Уи дузҵааӡом, уабантәиааи, уццакуама, амла уакуама ҳәа!.. Иԥшәмаԥҳәыс иаразнак ахьурӡы ақәлыргылоит, иара дааиқәҟьашаны кәтык, ма шәишәик узишьуеит!.. Нас аҳашәшьыраҿы, ма абарҵаҿы шәтәаны аԥшәма хаҵеи шәареи шәшеицәажәо, аԥшәмаԥҳәыс шәхәы рыхианы, абысҭа еиларҵәины иуны, акәты жәны, аџьыкаҵәаҵәа иарганы, мамзаргьы иӡны, асыӡбал-ҿа наваргыланы, ҿыц еилаҵара атазылашә ашша алыҵәҵәа инаваргыланы, аҵыс ахы хызҵәо ауаткеи аччаҳәа еилашуа аҩи нарыцҵаны, аишәа ԥшӡаӡа иаалырхиоит!.. Уаргьы иагьаџьара уццакуазаргьы, узҭааз аԥшәмацәа абриаҟара џьабаа андурба, аҽынтәи уусқәа зегьы наухаршҭны, угәы аартны аԥшәма бзиа ииҳәо ак уаҩмыжьуа унаидтәалаоит… Лара аԥшәмаԥҳәыс лакәзар, шәара шәахьтәоу дшәыдтәалаӡом, амала уажәы-уажәы дааины шәеишәа акрагзар гәаҭаны, иагу шәара аҳәахагьы шәымҭаӡакәа аишәа инықәыргылан, лшьапы абжьы мыргаӡакәа дцоит…
Аԥсуа хаҵа еибага иҩны уаннеи, шамахак, еилахара дук дақәшәаны дыҟамзар, абысҭа хьшәашәа уадиртәалаӡом, насгьы рқыҭа иналганы џьарантәи унеизар, усҟан иара ихалагьы дудтәалаӡом, аӡәык-ҩыџьак игәылацәа ааганы иудиртәалоит, пату уқәиҵоит, ажәытә-аҿатә жәабжьс иҟоу зегьы еибышәҳәоит, аӡәгьы ццакыра имаӡамкәа гәатабӷата шәеидтәалоит…
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Аламыс, апату, аԥсуара: аԥсуаа имҩаԥырго аҵас-қьабзқәа рзы ажәақәак
Асас изку иҵаулаӡоу ажәытә легендақәеи ажәабжьқәеи рацәаӡоуп, аха абраҟа ишәзааҳгоит, даара уаҩ дзырхәыцша, инеимда-ааимдо ҳабацәа ҳара ҳҟынӡа иааргаз анкьатәи ажәабжь хазынак ааркьаҿӡаны. Уи агәра шәнаргоит аламыс еиҳау аԥсуа изыҳәан мал шыҟамыз…
Кыр шықәса ҵуеит, ӡны мшык азыҳәан, ԥсыуа хаҵа ӷәӷәак, қәа еицәа қәа анауаз, сы еицәа сы анлеиуаз мшы бааԥсӡак азы, нхыҵтәи ашьхақәа зегьы дырҿысны, Аԥснытәи ашьхақәа дрықәлан даауан ишәаҩақәа ишьаҵаны, иԥсы ааиҭамкӡакәа. Ус данынаԥш, ҩ-шьхак рыбжьара, алҩаҵә хчылан аҩеира иаҿын. Абра хьчак дтәазар акәхап, ԥыҭкгьы сҽаасырԥхап иҳәан, уахь иҿынеихеит. Уа даннеи, иԥаҵақәа ӡышӡа, қәралагьы зынӡа имаҷмыз уаҩы нырҳарак, ахәарахәараҳәа аҟәыд ажәра даҿын… Аԥсшәа анааибырҳәақәа, ари ахаҵа даанаԥшааԥшит, иагьибеит ахьча иҭыԥ зегьы жьҵаалеи, шьхашәлеи, џьмахырҵәылеи, кәырмалеи, ҭубарлеи ишҭәыз. Ажәакала, ҿыки-бзыки иаанагоз: бҟәылла ацхеи, асаранџьи, аԥсаатә-жьы ҵаани, фатәы-жәтәыс иҟамыз егьыҟамызт. "Ҳаи, анаџьалбеит!" — ааигәахәит иара, абриаҟара афатә бзиа шимоу, аҟәыд ажәра зиҭаххазеи аҽнышьыбжьон?!
Ԥыҭрак ианааицәажәақәа, ахьча ари ахаҵа иеиҳәеит абыржәааигәа ҩыџьа ахацәа ӷьеҩқәа абрыстәи ииасны, абанҭ ашьха ҳаракқәа рҩыҵрахь рхы шхаз ишцаз. Иҟалаз уи ауп, урҭ рҩыза гәакьак уа дшышәарыцоз, асыԥса дагазаап, уажәы ибаҩ ааргарц ицон. Урҭ аныхынҳәуа, арсынтәи ада мҩасшьа рымаӡам.
"Сара аԥсуа хаҵа сҭыԥ азааигәара дыԥсны дшышьҭоу ахаа сызудгалагәышьом, уи уасырҟьашьыр, ԥсхаԥсжьыфараны избоит, саргьы агьама сызбом, убри азоуп абри аҟәыдгьы кнаҳан ажәра сзаҿу!.." — иҳәеит, ахәышҭаара иблақәа изаҟәымго ахьча… Нас еиҭах деишәара-еиҵараха ҿааиҭит: "Сара асас дысҭаар, Анцәа дысҭаазшәа збон, аха сеилукаап ҳәа сгәы иаанагоит…"
Абри ахҭыс хәыҷ мацара иунарбоит, аԥсуа иламыс адунеи аҿы зегь раԥхьа иширгылоз, уи зегь раҵкыс ихақәҵан иихьчоз, иахьагьы иихьчо иԥсадгьыли иламыси роуп!..
Человек зажигает свечу - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Аԥсны
Аԥсрақәа, аиныхрақәа, аԥсхәрақәа: ацәгьа амҩаԥгашьазы идыртәу аҟынтә хәҭак

Ацуныҳәара

Ацуныҳәара даара акырӡа зхыҵуа традициатә ныҳәоуп аԥсуа жәлар иазгәарҭо амилаҭ ҟазшьа змоу рныҳәақәа рхыԥхьаӡараҿы. Уи реиҳарак еицазгәазҭо аҳаблаҿы еиланхо, ацуҭа иаҵанакуа агәылацәа роуп. Амала, уахь инарыԥхьоит ақалақь аҿы иҟоу рыхшара, рмаҭацәа, рҵакыра.
Анкьаӡа ақыҭақәа рҿы ацуныҳәара ҟарҵон аӡхықә иахьазааигәоу, дәы иаҵәа бзиак аҿы, ацәҿыс шьны, аџьыкҵәаҵәа, аџьыкхыш, арыжәтәгьы адымгалаӡакәа. Уимоу, асаанқәагьы наргаӡомызт, албыӷьқәа хыҵәҵәаны, абысҭеи акәаци хыхь иқәырҵон…
Аҵыхәтәан аамҭақәа рҽырыԥсахуа ианалага, атрадициақәагьы рҵакы аанхеит, рформақәа маҷӡак ирыԥсахит… Уажәтәи ацуныҳәарақәа рҿы, ақыҭаҿгьы, ақалақь аҿгьы, урҭ рахь ауаа рацәа шнеиц инеиуеит, аха аишәа дырхиоит асаанқәеи, аҵәцақәеи, арыжәтәи адгаланы. Аха абраҟа иазгәаҭатәуп, амыцхә ҵасым ҳәа, арыжәтә ишахдмырҟьо, рқьафқәа ҟарҵаанӡа ишхдыркәшо...
Зегь раԥхьа иргыланы, агәаҵәа кны иныҳәо ихьӡ рҳәоит, далырхуеит. Нас уи даалаганы иҟаиҵоит арасатә ҵәы, агәаҵәеи, ачаҳаржәқәеи, акәакәарқәеи зхеиҵо. Аныҳәарахь ианнеилак, хәыҷгьы-дугьы зегьы аныҳәаҩ икәшан иаагылоит. Иара мрагыларахь ихы рханы Анцәа иҳәара далагоит абарҭ ажәақәа рыла:
— Иа, Анцәа ду, зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу, ҳҳабла иаланхо зегьы, ҳацуҭа иаҵанакуа, ҳшьамхнышлан ҳуҳәоит аамҭа бзиа ҳзыҟауҵарц!.. Ақәа анаҭаху, ақәа ҳагумыжьын, амра анаҭаху, амра. Иахьа уара иуашьапкырц иааит ҳҳабла зегьы, аԥшқа инаиркны аиҳабацәа рҟынӡа!.. Абра иуҳәарц иааины иумҵагылоугьы, изымаакәа чмазарақәак ирыхҟьаны аиарҭақәа ирымоугьы, зегьы урхылаԥш, аӡаҿы, амҩаҿы, ацҳаҿы… Абзабаа дырба, ирзымдыруа иаҭоумҵан, ирдыруа ала умаҵ руеит!.. Сынтәатәи раарыхра дара ишырҭаху ирԥыло, чарала инырхуа, афара-ажәра иақәиҭны, еиҵаҩҩы ирызҳауа, иҿио, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәало Анцәа иҟаиҵааит!.. Рырахә-рышәахә иахьынҭыҵуа рԥацәа рыҵарԥало, имарымажаха рыҩныҟақәа рахь ихынҳәлааит… Инышьҭыршь-аашьҭыршьуа зегьы дара рзы иманшәаланы, абарҭ реиԥш сынтәа зегьрыла еиқәшәаз аӡә дыҟам ҳәа изҭаху ирзырҳәо Анцәа ду иҟаҵа, Анцәа, зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу!.. Сара абри иумҵаныҳәо, акрысцәагхазар, дара ԥырхагас ирумҭан, сара исымазааит!..
Абри аныҳәаԥхьыӡ ашьҭахь, аныҳәаҩ иаҳәызба ааҭыганы агәаҵәа сак-сак аамхны зегьы агьама дирбоит, нас асаарақәа ирну ашә злыҵәҵәо иҟоу акәакәарқәеи ачаҿаақәеи акака аашьҭырхуеит, амин, улԥха-угәыԥха ҳаҭ ҳәа. Убри нахыс, аныҳәаҩ аҵла ашьапаҿы икыдиҵаз ацәашьы аҵыхәанӡа ианбыллак, зегьы адруҳәа инеины, игәырӷьо-иччо, алаф ҳәо акрыфара иналагоит.
Ӷәада ақыҭан ацуныҳәа азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2019
Ақәа анауша - ақәа аруы, амра аныԥхаша - амра рԥха: ацуҭа рныҳәа Ацуныҳәа
Убра ианынатәалак, уаанӡа агәаҵәа зкыз аныҳәаҩ иакәымкәа, даҽаӡә ихьӡ рҳәоит, имырмыцхәыкәа ҵәыцақәак ҳазкы ҳәа. Иаргьы, чмазара дук имамзар, мап икыр ҟалаӡом азы, ажәлар рныҳәаҿа аԥхьа инаргылан, зда ԥсыхәа амам, ԥшьбаҟа-хәбаҟа ҵәыца никылоит.
Абас ала, ацуныҳәара иалахәыз зегьы рхы-ргәы иақәныҳәо, улԥха-угәыԥха ҳагымзааит ҳәа еибыҳәо, амра анынҭашәо аламҭалаз рыҩныҟақәа рахь ихынҳәуеит.
Ацуныҳәара - ари Анцәа ҷыдала илаԥш зху ныҳәа дууп, убри азоуп, иара мҩаԥызго зегьы зақәгәыӷуа уи ашықәсан аарыхра шымарымажахо, ақәеи амреи адгьыл иахьынӡаҭаху ишаиуа, ҩнаҭацыԥхьаӡа агәырӷьабжь шдәылҩуа, аԥа ииреи аԥҳа лиреи шыҟало, рызегь хыхь иҟоу ихааӡа илаԥш шырхызаауа!
Ажәабжьқәа зегьы
0