Асас изы еснагь ашә аартуп: егьырҭ ҳрылазмырҩашьо аԥсуа ҵасқәа

© Sputnik / Акоп Кущян Осень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс еимдо иаарго асасдкылара, ахәыҷы иира, аҭаацәа алалара уҳәа ирызку ҵасқәак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ишдыру еиԥш аԥсуа жәлар беиоуп еиуеиԥшым аҵасқәеи ақьабзқәеи рыла. Урҭ иргәылԥшуеит ацқьареи аԥсабара азааигәареи, џьара-џьара ахәыҷы хәмаррақәа иреиԥшнушьало иҟоуп, аха зынӡаск ихәыҷым урҭ рҵакы. Ҳматериалқәа рҟны зыӡбахә ҳҳәахьоу аҵасқәеи ақьабзқәеи рҟынтәи иалаҳкаап уаҩы иџьаишьаша, иззымдыруа илаԥш адзырхалаша аҵасқәа.

Девушка с книгой  - Sputnik Аҧсны
Есма Ҭодуаԥҳа: "Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!"

Асасдкылара

Аԥсуа изы асас "даҳауп", "сас дызҭам ҩнаҭа Анцәа иҳаумҭан" рҳәоит. Асас изы еснагь ашә аартуп. Уимоу, уи иаӷа иакәзаргьы, ишақәнагоу дидикылоит, адәахьы аиӷара рыбжьазар, ишәхымс данахыҵ нахыс уи дсасуп.

Аҩны аҭаацәа анеидтәалоу, рыда дыҟамзаргьы асас ихәы ҳәа еснагь ҩба-хԥа ҿахра ацҵаны иҟарҵоит, аӡә дааҩналар, иаразнак аишәа днахадыртәоит. Асас илаԥш назхьысыз, игәаԥхаз иара итәуп, ҳамҭас ирҭоит, уи зегьы иреиӷьаршьо акы акәзаргьы, асас игәаԥхаз дахырбаауам.

Ахәыҷы иира

Аԥсуаа рҟны ахәыҷы даниилак, уи иуацәеи, иҭынхацәеи, игәылацәеи иареи реибадырра мҩаԥысуеит ныҳәа дуны. Ажәытәан уи раԥхьатәи ахәыҷы игараҵарала иаарԥшын, уи азы даарыԥхьон аԥҳәыс еиҳабы.

Ахәыҷы раԥхьатәи ибысҭаҿахра шықәсык анихыҵлак нахыс ауп иананырҵо, уаанӡа иан лхәаҟынтәи акриҿалҵоит. Шықәсык анихыҵлак нахыс ауп "дуаҩуп", аҭаацәа дахәҭакуп ҳәа даныԥхьаӡоу.

Аԥсуа хәыҷы - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аирамш амҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы

Шықәсыкынӡа ахәыҷы ихыҵуа рҳәаӡом, ма еиҭаԥаны "аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп" ҳәа рҳәоит: мызкы азы – шықәсык, ҩымз азы - ҩышықәса уб. иҵ. Ахәыҷы раԥхьатәи имшира иара даниз амш азы акәымкәа, адырҩаҽноуп ианымҩаԥырго.

Аҭаацәара алалара

Аҭаацәара алалара ҩ-хкыкны иҟоуп: аргамеи маӡалеи. Аҭацеи амаҳәи ачара символк иаҩызоуп акәымзар, дара хаданы иҟаӡам ари аныҳәаҿы, ажәытәан урҭ ачараҿы иагьцәырҵуамызт – аҷкәын иара иҩызцәа дрылатәоуп агәылара, ма ҽаџьара, аҭыԥҳа лҭацамҳараҿы лҩызцәа дрылоуп. Аҭацеи амаҳәи ранхәеи рабхәеи рыхьӡқәа ршьоит, ирҳәаӡом (амаҳә иабхәа ихьӡ иҳәар "ихапыцқәа каԥсоит" рҳәоит). Аҭаца лныҳәара мҩаԥыргаанӡа аҩн ду ддәылҵӡом, уи лхәы-лыԥхь луадахь илызнаргоит. Аҭаца дызлалаз аҭаацәараҿы ахьыӡ ҿыц лырҭоит, аха ари ақьабз иқәныҟәо шьҭа даараӡа имаҷуп.

Аҵгара

Чмазарак зцәа иалалаз ауаа (ахәыҷы, аду), мамзаргьы арахә еиуеиԥшым амаҭәарқәа, ажрақәа, аҵла адацқәа уҳәа ирыҵыргон. Ирҳәоит, Елыр ақыҭа иҟоу ауахәамаҿы иҵәахуп метрак аура змоу ахыци ахәымпали ҳәа. Уи аҭыԥантәи ажьи иичаԥаз акәын. Ацәгьа зԥырхагахаз ауаа убра, Елыр-ныха инаганы ахыци ахәымпали иҵыргон ҳәа.

Ахыци ахәымпали - Sputnik Аҧсны
Аҟама, ахыцеихац, архнышьна, ажра, ахаҳә: аҵгара ақьабз зызкуи амҩаԥгашьеи

Иара убас акраамҭа ахшара зцәа даламшәоз аԥҳәыс ахаҳә кылҵәа дкылгазар, ахшара лцәа далашәоит ҳәа иԥхьаӡан. Убри анеҩсгьы, араҵла агәыцә еиҟәышьшьангьы иҟарҵон, ачымазара иачычоз ахәыҷы дыбжьыргаратәы. Ахәыҷы даныбжьыргалак ашьҭахь, еиҟәыршьшьаз агәыцә еидкыланы иҿарҳәон. Аршьшьарсҭа ӷьаны аҵла азҳара иацнаҵазар, ахәыҷгьы изеиӷьуп, дыбзиахоит ҳәа иԥхьаӡан.

Ачеиџьыка

Аԥсуаа рҿы ачеиџьыка даара иҳаракуп, знык иадамхаргьы зчеиџьыка агьама убахьоу ауаҩы ацәгьа изуур - иламысым, ипатудароуп, "ичеиџьыка даӷрагылеит", "ичеиџьыка дахысит" рҳәоит, мамзаргьы "ачеиџьыка еицаҳфахьан" ҳәа уи аԥхашьара дыннакылоит. Акыр ихадароуп аишәаҿы атәашьа, акрыфашьа аетикет. Ауаҩы акранифо дмыццакӡакәа акрифоит, исаан иану зегьы анихуам, "ишьҭра анихуеит" ҳәа иԥхьаӡоуп. Ашәи зыбжьоу рҟны ишәииз учеиџьыка агьама иурбар, ишәи аангылоит, амч аиуӡом ҳәа ишьоуп.

Аԥсуара

Аԥсуара ихадароу моралтә кодексуп. Иахьагьы аԥсуа бызшәа еиқәырханы иамоуп ауаҩы ԥхашьарак дақәшәар изырҳәо ажәа: "ҳаи, рацәа аҽада дақәтәеит" ҳәа. Ажәытәан иҟан убас еиԥш ақьабз, иаҳҳәап ақәыларақәа раан изиааиз реиҳабы аҽада аҵыхәахь ала ихы рханы дақәыртәаны ауаа зегьы дырбаратәы ирныҟәара. "Уара уаԥсыуаӡами?!" ҳәа аԥсуа ианизуҳәа, "уара ууаҩӡами?!" иауҳәа иаҩызоуп.

Аԥсуара абарҭ ақьабзқәеи атрадициақәеи зну иҩым шәҟәуп, иара азқьышақәсақәа иргәылганы ҿырҳәала абиԥарала еимдо иааргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0