Аԥсны

Sputnik амчыбжь: алашара еихшанҵала, атеррористтә шәарҭара, аиҳабырабжьаратә еилатәара

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынҷкәын 5-11 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ажәабжьқәа риеҳа инарылукааша рыхҳәаа.
Sputnik
Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицураз Аиҳабырабжьаратә комиссиа азеижәтәи аилатәара, Владимир Путин ишьақәирӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра, Аԥсныҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭтәраз аибашьраҿы иҭахаз иԥсыбаҩ. Абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Аиԥыларақәеи аилацәажәарақәеи

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иаҭааит Архангельсктәи аобласт аделегациа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ, Агубернатор Иусбарҭеи Аиҳабыреи рнапхгаҩы Ваге Петросиан дидикылеит ԥхынҷкәын 8 рзы.
Ахада ипресс-маҵзура адыррала Петросиан иаара хықәкыс иамоуп арегионбжьаратә усеицзуреи аизыҟазаашьақәа иҿыцу ахырхарҭақәа ралкаареи.
"Ҳтәылақәа русеицура, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ирыбжьоу аимадарақәа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкуп. Иахьа Урыстәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа уадаҩуп, уи еилыкка иаанарԥшит Урыстәыла иадгыло, ҩызара азызуаҵәҟьо, аԥхьаҟагьы Урыстәыла иадгылаҩцәаны иҟало", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭаз Аԥсны иҟоу аиҭакрақәа агәахәара шинаҭаз. Иара убасгьы иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара акыр шаҵанакуа.
Аԥсны аекономика аминистрреи АЕ "Газпром промгази" рыбжьара аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны атәыла газла аиқәыршәара асхема аус адулара шықәсык аамҭа азоужьын. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Газпром промгаз" ахаҭарнакцәеи Аԥсны газла аиқәыршәара иалацәажәеит ахәаша, ԥхынҷкәын 9 рзы. Аиԥылара аҟны аҳәынҭқарра ахада идыргалеит Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада.
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи "Газпром промгаз" ахаҭарнакцәеи Аԥсны газла аиқәыршәара иалацәажәеит
"Аус ду мҩаԥгоуп. Ҳара ишьақәҳаргылароуп ԥхьаҟатәи ҳаинырразы ҳшьаҿақәа рымҩаԥгараз аӡбрақәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
2022 ашықәс аихшьала ҟарҵеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәараҟны. Иалацәажәеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны аинвестициа адԥхьалара аиӷьтәра, асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхак инамаданы иактуалтәу азҵаарақәа.
Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит есхымз еиуеиԥшым аусхкқәа русуразы аинформациа иҭара. Иара убас ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирылеиҳәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аквалификациа аизырҳаразы алшара ҟалар шалшо.

Путин ишьақәирӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра

Урыстәыла ахада Владимир Путин 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраара аҳәынҭпрограмма анагӡаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азиуит.
"Абҵара 24 2014 шықәсазы Шәача нап зҵаҩыз Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра (анаҩсан - Аиқәшаҳаҭра) анагӡаразы ирыбжьаҵан ганрацәала ареспублика аекономика ацхраареи уи атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи ирзырхоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа", - ҳәа ануп аилыркаагаҿы.
Аиқәшаҳаҭра иаку аунификациа зызу аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрахароуп, уи иҭышәыннартәалароуп аҳәынҭпрограмма анагӡаразы иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа афинанстә цхыраара рзоужьра азҵаарақәа, раԥхьа иргыланы аекономика аусхкқәа, акредитҭара асистема, ашәахтә напхгараҭаратә система "иара убасгьы аиқәшаҳаҭра иахылҿиаауа урыстәылатәи аган асоциалтә ныхрақәа аԥарарзоужьра (атәылахьчара, ашәарҭадара, азинмчра аиҿкаара аусхкқәа рзы ахыдҵақәа аламҵакәа)", ҳәа ануп аилыркаагаҿы.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара

Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицураз Аиҳабырабжьаратә комиссиа азеижәтәи аилатәара мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 6 рзы. Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новак иҳәеит аганқәа шалацәажәаз ԥхьаҟа аинвестициатә усеицура ақәҿиарақәа, аенергетика, атуризм рыҿиара, аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара.
"Аԥеиԥш дуқәа ҳамоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭқарартә программа арбагақәа еиӷьаҳтәуеит, абиуџьет аусхк аҟны аулафахәы шьҭаҳхуеит, аекономикатә усқәа еиҳа-еиҳа еиӷьаҳтәуеит", - ҳәа иҳәеит Новак.
Апрограммаҿы иазгәаҭоу 45 уснагӡатә рҟынтә 16 нагӡоуп, урҭ рҟынтәи 5 еиқәшаҳаҭроуп, 3 Аԥсны азакәанқәеи анормативтә актқәеи ириеуоуп, 8 усхк амиграциа, агәабзиарахьчара, аҵара, акартографиа, ашәахтәқәҵара рыӡбара 2023 шықәсахьы ииагоуп.

Андреи Картаполов иаара

Усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Андреи Картаполов. Иара дидикылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба.

Аганқәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володини рнапы зҵарҩыз аусеицураз Аиқәшаҳаҭра анагӡараз имҩаԥгатәны иҟоу аусура.

Адепутатцәа азааҭгылеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны актуалра зманы иҟоу аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.
Аԥсны
Лаша Ашәба дидикылеит Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы

Ҩаԥхьа алашара арцәара

Афымца азымхара иахҟьаны ԥхынҷкәын 7 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" ҩаԥхьа Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит.
Аԥсны араионқәа зегь рыҟны алашара дырцәоит ҽынлеи уахынлеи знык ҩба-ҩба сааҭ.
Уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҳәамҭа ҟалҵахьан Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуа алашара шазымхо ашықәс нҵәаанӡа еиԥҟьарада ахархәаразы.
Аԥсны аенергетика аиӷьтәразы аинвестициақәа алагаларазы азакәанԥҵара аус аднаулоит иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Асовет Еидгыла аамҭақәа рзы Аԥсны аенергетика аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ишьақәгылан, аха ари асистема зегьы аус ауртә еиԥш аҳәынҭқарра амч ақәхаӡом. Убри аҟнытә урыстәылатәи аинвестор дааироуп. Иаргьы еиларганы идыруазароуп азакәанԥҵара инақәыршәаны аенергетика ахырхарҭаҿ азинтә еизыҟазаашьа мҩақәызҵо", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит, нормақәак аенергетика ахырхарҭала азинтә еизыҟазаашьа аҟны урыстәылатәи аинвесторцәа ишыргәамԥхо - Аҟәеи Москвеи уи аус адырулоит.

Атеррактаз ашәарҭара

Ииасыз амчыбжь азы асоциалтә ҳақәа рҿы иаларҵәан аинформациа Қырҭтәыла аганахьынтә атеррористтә актқәа ҟалар алшоит ҳәа. Ԥхынҷкәын 5 рзы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит агәаҭарақәа шымҩаԥысуазы, ауаа агәҽанҵара рымазарц.

Ахәышықәсатәи аихшьаала

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба АААК VIII аизара ду аҟны 2018 шықәса инаркны 2022-нӡа аконгресс аусура аҳасабрба ҟаиҵеит. Хәы-шықәса иалагӡаны аконгресс аусбарҭақәа зегьы шьақәыргылоуп, имҩаԥган аилатәарақәа жәаба, 2500-ҩык инреиҳаны аконгресс иалаҵоуп, иҟаҵоуп аконгресс алахәылацәа еидызкыло ашәҟәынҵа.
Аԥсны
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду хыркәшоуп
Уи адагьы, ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны мацара акәымкәан Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Шьамтәыла, Египет, Аџьариа еиҿкаауп арегионалтә усбарҭақәа. Аԥсны аҩнуҵаҟа 54 аҭыԥантәи аконгресс аҟәшақәа аартын, Ҭырқәтәыла - жәаба.
Хәы-шықәса рыла Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 107 проект нанагӡеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла - COVID-19 аҿагылара аамҭаан ацхыраара, апроект "Амазара" – аԥсуеи абазеи жәларқәа иматериалтәым рдоуҳа аиқәырхара иазырхоу, апроект "Аимадара" –ақыҭатә школқәа рҵаҩцәа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа ирҭаар алзыршо, иҭаҩын 300 видеоурок аԥсуа бызшәазы.

Ашықәс ҿыцазы аҳамҭақәа

60 тонна инареиҳаны амандарина еизгоуп ДЖәР, ЛЖәР, Запорожтәи, Херсонтәи аобластқәа ртәылауаа рахь ашықәс ҿыц азы анашьҭразы. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы иаартуп адкыларҭатә ҭыԥқәа. Гәылрыԥшьи Очамчыреи рыҟны иҟоу аҭыԥқәа дырҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара аҭагылазаашьа гәцаразкыз ауааԥсыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Донбасс ауааԥсыра рзы Очамчыра амандарина ахьеизыргоз аҭыԥ даҭааит
Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп 80 тонна рҟынӡа амандарина ашьҭра. Агуманитартә цхыраара ргоит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи. Урҭ рыҽрымардоит урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Агвардиа ҿа" аволонтиорцәа, урҭ рволонтиортә центрқәа ыҟоуп Херсон, Донецк, Луганск, Запорожсктәи аобластқәа рыҟны.

Аԥснытәи аибашьҩы иҭахара

Ииасыз амчыбжь азы Донбасс ахақәиҭтәраз аибашьраҿы дҭахеит Аԥсны атәылауаҩ. 24-шықәса зхыҵуаз Беслан Тапаӷәуа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодарынтә. Тапаӷәуа анышә дамардеит Гал.

Аӡбарҭеи аанкылареи

Аԥсны атәылахьчара аминистр жәларбжьаратәи арратә усеицуразы иабжьгаҩ Александр Ачба дааныркылеит изакәанымкәа абџьар ахьимаз азы абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Ачба дахьынхо аҩнаҿы иҵәахны иман атапанча "М57", уи ианаало ахқәа 22, иара урҭ ааихәеит ашьаусԥшаара еилнамкаац аамҭазы, еилнамкаац аҭыԥ аҿы, еилнамкаац аҭагылазаашьаан. Урҭ АШәМ аусзуҩцәа жьҭаара 28 рзы идырбалеит, иагьимырхит.
Александр Ачба иганахьала арратә прокуратура ашьаус хацнаркит. Агәҩара ззыҟоу ахара ихахьы игаӡом, АШәМ аҿы ашьаусԥшааразы ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭаҿы дыҟоуп.
Қырҭтәыла атәылауаҩ Кристина Такаланӡе лганахьала ашьаус Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь ахәаԥшразы инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Такаланӡе гәҩарас дрымоуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 274 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура - аҳәаанырцәтә ҳәынҭқарразы аԥшыхәра мҩаԥылгон ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Кристина Такаланӡе, Жәыргьыҭ ииз, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви) ақыҭан инхо, қырҭтәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа нагӡо, аҳәынҭқарратә, арратә уҳәа Аԥсны азакәан иахьчо амаӡақәа еизылгон.
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа анаркотикқәа алазырҵәоз Азербаиџьан атәылауаҩ Жьавид Мамедови Урыстәыла атәылауаа Евгени Масальскии, Серафима Богданови 15-15 шықәса ахыгара рықәнаҵеит закәаншьаҭада анаркотик рацәа раахәареи рыҭиреи рзы.
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа анаркотикқәа алазырҵәоз 15 шықәса аҭакра рықәнаҵеит
Мамедови Масальскии 15-15 шықәса рықәҵоуп арежим ӷәӷәа змоу ариашаратә колониаҿы ирхыргаразы, Богданова – азеиԥш режим змоу аколониаҿ арҭ ашықәсқәа лхылгалоит. Ахара зыдҵоу иара убасгьы 800-800 нызқьмааҭ ахараԥса ршәароуп.